Аҧсадгьыл-инфо, 24 2018 ш.
Аҧсадгьыл-инфо, август 24 2018 ш. Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла ахада Владимир Путин «Ахьӡ-аҧша» аорден I аҩаӡара ианашьаразы аусҧҟа инапы аҵаиҩит, ҳәа аанацҳауеит Аҧсны ахада исаит.
«Аҧсуа ҳәынҭқарра аҿиареи, аҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, Аҧсны асоциал-економикатә ҿиаразы ацхыраара аҟаҵареи рзы Владимир Владимир-иҧа Путин ианашьазааит «Ахьӡ-аҧша» орден I аҩаӡара», - аҳәоит аусҧҟа аҟны.