Авторизация:

Витали Габниа: «Амҩаду уаа аиҳабыра ргеит»

Витали Габниа: «Амҩаду уаа аиҳабыра ргеит»
фото: Sputnik Абхазия
22 августа 2018 18:09 5188
Аҧсадгьыл-инфо, 22 2018 ш.  

Витали Габниа иҭыҧ заанижьыз амзызқәа ртәы иҳәеит.

Аҧсадгьыл-инфо, август 22 2018 ш. Август 22 рзы имҩаҧигаз апресс-конференциаҿы аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа иҳәеит иҭыҧ шаанижьуа, амзызқәагьы дырзааҭгылеит.

«Сара исысыз аҭак исҭеит, ҩынтә сисит, убас сзыхьчозгьы ҩынтә дыкшеит, аха аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ дрыпҟеит ҳәа Аҧсны зегьы ирылоуп», - иҳәеит Витали Габниа.

Аха, иара иажәақәа рыла, ипроблема дуу уи акәӡам

«Апроблема иҵегьы иҵаулоуп. Сара азакәан сықәныҟәоит, ус схәыцуеит. Амҩаду уаа аҧыжәара ахьрымоу, аиҳабыра ахьааныркылахьо хыла-гәыла иҟоу асистемаҿы азакәан иқәныҟәо ауаҩы дхьысҳахоит», - азгәеиҭоит Витали Габниа.

Иара игәы ҧнажәоит ацәгьара ҟазҵаз ауаҩы иқәнага дахьақәдмыршәаз.

«Иара доурышьҭуеит уахыки ҽнаки рыла. Уигьы аусҭҵааҩы икабинет аҿы дтәан, аус еилзырго иҟарҵаша рыҵеиҳәон», - иҳәоит Габниа.

Иара иажәақәа рыла, Атәылахьчара аминистрреи, Ашәарҭадаратә хеилаки рыда, егьырахь «азинхьчаратә система зегьы еилыбгахьеит». «Изыхәҭоу ахара данақәдмыршәо, изхарам аус данадыркуа, аҳәынҭқарра аҭархара ауп уи иаанаго. 

"Ас еиҧш иҟоу аҭагылазаашьаҿы сара снапынҵақәа рааныжьра иашоуп ҳәа исыҧхьаӡоит. Азакәан иҭагӡаны исылшаӡом сыпату ахьчара. Сара аҧсыуала схы мҩаҧызгароуп, убри азы сҭыҧ аансыжьыр ауп», - иҳәеит Габниа.

Маи 27 дазааҭгыло, иҳәеит ҳҭоурых аҿы иреиӷьу амшқәа рхыҧхьаӡараҿ ишыҟам. «Уи ашьҭахь аиҳабыреи амҩаду уааи еиҟарахеит, нас аҧыжәара ргеит амҩаду уаа», - иҳәеит Габниа.

Иара Ҳаџьымба иахь, иҩызак иаҳасабала, ааҧхьара ҟаиҵоит уаҳа аҳәынҭқарра иалхрақәа рҿы ихы ықәимыргыларц. Иҳәеит аполитика иалаху зегьы еицырзеиҧшу аӡәы ихьӡ иҳәарц, уи аҩыза ауаҩы дшыҟоу, аха дарбану имҳәеит.

Витали Габниа иазгәеиҭеит иара иҭыҧ аанижьзаргьы, иполитикатә хәаҧшышьа шиимҧсахыз. 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений