Аҧсадгьыл-инфо, 25 2018 ш.
Аҧсны аҧыза-министр Валери Бганба усутә визитла Москва иҟазаара иалагӡаны Урыстәыла Аиҳабыра ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Мутко диҧылеит.
Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 25 2018 ш. Аиҧылараҿы Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицура азҵаарақәа ирылацәажәан. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Хаҭала, Валери Бганбеи Витали Муткои 2017-2019 шықәсқәарзтәи Аинвестициатә программеи 2020-2022 шш. рзы излагараны иҟоу Аинвестпрограмма апроекти ирылацәажәеит.