Авторизация:

Валери Бганба: «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа аҳәааҿы цқьа игәарҭаӡом»

Валери Бганба: «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа аҳәааҿы цқьа игәарҭаӡом»
30 ноября 2018 18:47 1711
Аҧсадгьыл-инфо, 30 2018 ш.  

Аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵарала, уажәшьҭарнахыс аусутә виза шықәсык ирырҭалоит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 30 2018 ш. Ас еиҧш ақәҵара рыдкылара аҭахны иҟалеит «Аҧсны Ареспублика алалареи алҵреи» рзы азакәан аҧсахрақәа ахьалагалаз азы, аанацҳауеит АА «Абхазиа-Информ».

Аҧсныҟа аусура иаауа аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы аусутә виза шықәсык аҿҳәара аҭаны ирырҭалоит. Дара рхала Аҧсны аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистррахь, мамзаргьы Амиграциатә маҵзурахьы инеирц азин роуит. Уаанӡа авиза рырҭон аусура рызҭоз ауааи дареи шаҟа еиқәҳшаҳаҭхоз аамҭазы.

«Аҳәаанырцә афирмақәа аусуцәа шаҟа рҭаху азы аинфориациа урҭоит. Ҳара ҳҿы аусуцәа рхала иаауеит, убри аан аусура рызҭо дара рҵәахуеит, ироуагьы рҳәом. Рыцҳарас иҟалаз, аҳәаанырцәтәи атәылауаа аҳәааҿы цқьа игәарҭаӡом. Убри азы уажәы иалаҳгалоу аҧҟарақәа арегистрациаҿы аҭагылазаашьа еиӷьыртәуеит», - иҳәеит аҧыза-министр Валери Бганба.

Иара иазгәеиҭеит азакәан аиҭакрақәа аларгалеижьҭеи авизақәа рыҭараан аҳәынҭқарра 12 миллион мааҭ шаиоухьо.

Ахыҵхырҭа: «Абхазиа-Информ»

Афото: Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений