Авторизация:

Сергеи Шамба игәаанагарала, маи 2014 шықәса рзы Ҳаџьымба Аконституциа еилеигеит

Сергеи Шамба игәаанагарала, маи 2014 шықәса рзы Ҳаџьымба Аконституциа еилеигеит
фото: "Апсны.иахьа"
31 октября 2018 17:47 2628
Аҧсадгьыл-инфо, 31 2018 ш.  

Ареспубликатә политикатә партиа «Иаку Аҧсны» ахантәаҩы Сергеи Шамба игәаанагарала, Аҧсны ахада иалхрақәа аӡын, мамзаргьы, ааҧын имҩаҧгазар еиӷьуп

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 30 2018 ш. Октиабр 30 рзы имҩаҧысыз ауаажәларра реизараҿы Аҧсны ахада Ҳаџьымба дызхагылоу аиҳабыра русура шҽием, урҭ иаарласны ҧхьатәара рцаразы «Иаку Аҧсны» апозициа аҽшамҧсахыз иҳәеит Сергеи Шамба, аанацҳауеит «Абхазиа-Информ».

«Апартиа «Иаку Аҧсны» иазгәанаҭоит, маи 2014 ш. рзы Аконституциа иаҿагыло ашьаҿақәа ҟаҵаны амчрахь инеиз уажәтәи ахада аҳәынҭқарраҿы аҭагылазаашьа еицәеимтәызар, еиӷьимтәит. Нас изаҭахыз ас еиҧш иҟоу ахымҩаҧгара, мчыла амчрахь анеира, ауаа ирыхәо ҳәа акагьы ҟаимҵазар? Ҳара зыгәра ҳгаз, ажәлар зыгәра диргаз иажәақәа зегьы мцхеит. Убри азы Рауль Ҳаџьымба ҧхьатәара дцароуп, иҟаиҵароуп аполитика аганахьа аҭакҧхықәра зцу ашьаҿа», - иҳәит Сергеи Шамба.

Аиҳабыра ас еиҧш ҟарҵап, алхрақәа августынтәи апрель 2019 ш. рахь ииаргап ҳәа иара агәра игаӡом.

«Уи азы аполитикатә ҟәышра, ажәлар рҿаҧхьа аҭкҧхықәра амазаара аҭахуп. Аиҳабыра ииашоу аӡбамҭақәа рызрыдкылозҭгьы, ибзиоу шаҿақәакгьы ҳбар ауан, аха уи ус акәым», - иҳәоит Шамба.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений