Авторизация:

Саломе Зурабишвили: Урыстәыла аҩызахара амҭа мааиц

Саломе Зурабишвили: Урыстәыла аҩызахара амҭа мааиц
29 ноября 2018 23:39 1536
Аҧсадгьыл-инфо, 29 2018 ш.  

Қырҭтәыла Алхратә комиссиа иамоу аинформациа ала, 59,52% лыманы Зурабишвили даиааиуеит аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа раан

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 29 2018 ш. Қырҭтәыла ахада иалхрақәа раан аиааир згаз Саломе Зурабишвили лгәаанагарала, Урыстәыла аус ацура макьана иаамҭам . Абри атәы лҳәеит ВВС аурыс ҭыжьымҭа иалҭаз аинтервиу аҿы

"Урыстәыла аҩызахара амҭа ааихьеит ҳәа сгәы иаанагом. Ауаа ахьырӷьычуа аоккупациа ацәаҳәаҿы Урыстәыла ахымҩаҧгашьа уахәаҧшуазар, Украина аганахьала Урыстәыла ахы шымҩаҧнаго, сгәы иаанагом уи зегьы гәаҭаны ҳара аусеицура ҳалагап ҳәа», - лҳәеит Зурабишвили.

Аҧшьаша ашьыжь Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ ТАСС иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит: «Ҳара аиааира афакт ҳадаҳкылеит. Ҳазҧшуеит Урыстәылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа аперспективақәа ирыдҳәаланы аҧхьатәи аҳәамҭақәа».

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Григори Карасин иҳәеит алхрақәа рлыҵшәа аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьа аҭышәынтәалара алдыршоит ҳәа дшақәгәыӷуа.

Қырҭтәыла уажәтәи апрезидент Георги Маргвелашвили Саломе Зурабишвили аиааира лыдиныҳәалеит, аха иазгәеиҭеит иара алхрақәа рхаҭа шигәамҧхаз.

«Иахатәи алхрақәа сахьрыхәаҧшуаз, анаҧшцәа ирҳәоз анализ аныҟамҵа, дара адемократиа ишацәыхароу збоит. Ас еиҧш алхрақәа Қырҭтәыла уаҳа имҩаҧысырц сҭахым», - иҳәеит Маргвелашвили.

Европатәи анашҧцәа иазгәарҭеит Қырҭтәыла ахада иалхрақәа зынӡаҵәҟа ицқьаны имҩаҧысит ҳәа ишырымҧхьаӡо.

«Ҳара ҳзы сиурпризк иаҩызахеит Қырҭтәыла ауааҧсыра абанкқәа рҿы ирықәыз аҧара 600 нызқь алхрақәа рыламҭалаз иахьранарыжьыз», - иҳәеит Европарламент аҟынтәи иҟаз анаҧшҩы Лаима Андрикиене.

Қырҭтәыла Алхратә комиссиа иамоу аинформациа ала, 59,52% лыманы Зурабишвили даиааиуеит аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа раан. 40,48% процент иманы аҩбатәи аҭыҧ игеит Григол Вашаӡе.

Аинформациа ахыҵхырҭа: ВВС

Афото: GETTY IMAGES

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений