Аҧсадгьыл-инфо, 1 2018 ш.
Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 1 2018 ш. Ареспубликатә ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсадгьыл» ақәыӡбоит Донецк ацентр аҟны иҟалаз атеракт. Уи иахҟьаны иҧсҭазаара далҵит Донецктәи Жәлар Рреспублика аиҳабы Александр Захарченко.
«Ареспублика апатриот иаша иҧсҭазаара ҿахҵәеит. Ари ауаҩра злам атеракт иахҟьаны аахақәа роуит аҭынч уааҧсырагьы.
Ҳара гәалсра дула ҳрыдышшылоит Александр Владимир-иҧа Захарченко иуацәеи иҭынхацәеи, Донецктәи ареспублика ажәлари, ааха зауз иаарласны ргәабзиара ҭышәынтәалап ҳәа ҳгәыӷуеит», - аҳәоит ААЕ «Аҧсадгьыл» аҳәамҭаҿы.