Авторизация:

Рауль Ҳаџьымба: «Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа схы рылархәра – џьоукы рзы зегь реиҳа ихьанҭоу темоуп»

Рауль Ҳаџьымба: «Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа схы рылархәра – џьоукы рзы зегь реиҳа ихьанҭоу темоуп»
31 августа 2018 21:34 3040
Аҧсадгьыл-инфо, 31 2018 ш.  

Абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра ахада ипресс-конференциаҿы.

Аҧсадгьыл-инфо, август 31 2018 ш. Ажурналистцәа Рауль Ҳаџьымба иазҵааит аҩбатәи алхрақәа ихы рылаирхәуама ҳәа, аанацҳауеит «Абхазиа-Информ».

«Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа схы рылархәра – џьоукы рзы зегь реиҳа ихьанҭоу темоуп. Ари атәы саҳауеит аиҳабырахь саннеи актәи амш инаркны: «Аҳәынҭқарра ахада аҩбатәи алхрақәа рахь дцома? Аамҭа ааиуеит, зегь шәаҳауеит!», - иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иазгәеиҭеит аамҭа ааиаанӡа аҳәынҭқарра ахадарахьы анеираз аицлабра алагара азакәан ишақәымшәо.

«Алхыҩцәа ирҧылоушәа, еиуеиҧшым аметодқәа рхы иархәаны, дара ауаа дыршәоит, ирҳәоит аҳәынҭқарра ашәарҭара иҭагылоушәа, уи алҵразы рхы ишархәатәу амчратә усқәагьы. Дара ракәзар хықә аҿы ҳназгаз? Зны-зынла ухгьы уахәаҧшлароуп. Аӡәы иблаҿы аҭәиц рбоит, дара ртәаҿы – ақды рбаӡом», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Убри аан аҳәынҭқарра ахада иаахтны иҳәеит иахьатәи аиҳабыра ауаа реидкылара шрылымшаз.

«Рыцҳарас иҟалаз, ҳара иҳалымшеит ҳауаажәлар реидкылара. Аха ҳара ари азҵаара «сара стәы», «уара утәы» ҳәа азымнеира ҳҽазаҳшәон. Амчратә системаҿы, рполитикатә хәаҧшыра ҳамыхәаҧшӡакәа, рҭыҧқәа рҿы иаанҳажьит аусура зылшоз зегьы», - иҳәеит Ҳаџьымба.

Аҳәынҭқарра ахада иазҵааит ҧшышықәса ирылагӡаны илшази илымшази рзы.

«Ҳара ахаан иаҳӡом иҵегьы ҟаҳҵарц шаҳҭахыз, аха еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны ҳгәы иҭаз зегьы ҳзынамыгӡеит», - иҳәеит иара.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений