Авторизация:

Аҳәынҭқарра ахада дидырдырит Аҧсны Арбџьармчқәа рштаб хада аиҳабы икандидатура

Аҳәынҭқарра ахада дидырдырит Аҧсны Арбџьармчқәа рштаб хада аиҳабы икандидатура
фото: сайт президента РА
2 августа 2018 16:58 1538
Аҧсадгьыл-инфо, 2 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, август 2 2018 ш. Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа Аҧсны ахада диирдырит Арбџьармчқәа рштаб хада аиҳабыс зкандидатура ыкугылоу, аинрал-маиор Васили Луниов. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада иофициалтә саит.

«Ҳара уаанӡатәи ашықәсқәа рзы ҳазҿыз аусура иацаҳҵоит. Сгәы иаанагоит, шәара атәылахьчара аминистрраҿы шәусура ирласны ишьақәгылап ҳәа, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи арратә структурақәа рхаҭарнакцәеи шәареи шәеимадара иацҵахап ҳәа. Еихаҳҳалароуп ҳара ҳшәарҭадаратә усеицура»,- иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Васили Луниов Аҧсны ахадара агәрагара изыҟарҵаз азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Имариам аамҭазы аусура ҳзыҧшуп. Иарбан атәылахьчара аминистрразаалакгьы, аҭынчра алыршара ауп хықәкы хадас иамоу. Убри зегь реиҳа ихаданы исыҧхьаӡоит сусураҿы. Иахьа, атәылахьчара аминистр имҩаҧигаз аилацәажәараҿы ҳааигәара ицо арратә ҽазыҟаҵарақәа ртәы ҳарзааҭгылеит. Амчра адемонстрациа амҩаҧгара ҳганахьала ақәҿыҭра аиур ауп», - иҳәеит Васили Луниов.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений