Авторизация:

Аҧыза-министр: «Ауаа ирдыруазааит аҧара ахьнаҳхуа»

Аҧыза-министр: «Ауаа ирдыруазааит аҧара ахьнаҳхуа»
1 декабря 2018 12:13 2533
Аҧсадгьыл-инфо, 1 2018 ш.  

Ноиабр 30 рзы, аминистрцәа реилатәараҿы ирыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара Арезервтә фонд сынтәа жәымзы ирылагӡаны аҧарақәа ахьнырхыз иахәаҧшит

Аҧсадгьыл-инфо, декабр 1 2018 ш. Аҧыза-министр афинансқәа рминистрра иадҵан аҧара ахьнырхуа атәы Аминистрцәа реилазаара асаит аҿы иқәдыргыларц.

«Аиҳабыра иртәу Арезервтә фонд азы ацәажәарақәа рацәоуп. Ауаа ирдыруазааит аҧара ахьнаҳхуа», - иҳәеит Валери Бганба.

Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба имоу аинформациа ала, Арезервтә фонд аҟынтәи сынтәа жәымзы ирылагӡаны инырххьеит 49,5 млн мааҭ аҧара, иарбаз 49,9 млн рҟынтәи. Арҭ аҧарақәа ауаа ацхыраара рыҭара, аҭыҧантәи амчрақәеи, ауаажәларратә аиҿкаарақәеи афинанстә цхырааара рыҭареи рахь ишьҭуп.

Афото: Спутник Абхазиа

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений