Авторизация:

ОБСЕ иҟоу Урыстәыла ахаҭарнак: «Қарҭ ргәылацәа ҿыц ирықәларц иазыҟарымҵозааит»

ОБСЕ иҟоу Урыстәыла ахаҭарнак: «Қарҭ ргәылацәа ҿыц ирықәларц иазыҟарымҵозааит»
19 октября 2018 08:50 1546
Аҧсадгьыл-инфо, 19 2018 ш.  

Александр Лукашевич иазгәеиҭеит НАТО Қырҭтәыла активра шаанарҧшуа

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 19 2018 ш. Қырҭтәәылатәи ар НАТО астандартқәа рыла рҽазыҟаҵареи алианси дареи аҽазыҟаҵарақәа реицымҩаҧгареи, Қарҭ ргәылацәа ҿыц ирықәларц иазыҟарымҵозааит ҳәа азҵаара узцәырнагоит. Абри атәы иҳәеит ОБСЕ аҿы иҟоу Урыстәыла ахаҭарнак Александр Лукашевич Вена имҩаҧгаз ахеилак аилатәараҿы, ҳәа аанацҳауеит ТАСС.

Иара иажәақәа рыла, Кавказ нхыҵ амчра ахамырхәара азҵаара актуалра шамац иамоуп, уи НАТО Қырҭтәыла активра иаанарҧшуа иадҳәалоуп.

«Қырҭтәыла ар НАТО астандартқәа рыла разыҟаҵара иацҵоуп, иаҳа-иаҳа зымҽхак ҭбаахо аҽазыҟаҵарақәа еицымҩаҧыргоит, Европантәи атехника хьанҭа анагара уахь иналаҵаны. Иазҳауеит алианс аобиектқәа, Қыырҭтәылаҟа абџьар анагара иацҵоуп. Ус зыҟарҵои, насгьы Қарҭ аҽаззыҟанаҵои ҳәа азҵаара цәырҵуеит. Ргәылацәа ҿыц ирықәларцу?», - дҵаауеит Лукашевич.

Александр Лукашевич иқәгылара женеватәи адискуссиақәа рҿы имҩаҧысыз изаамҭанытәиу араунд иазкын.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений