Авторизация:

Аҧсны имҩаҧыргаз аҽазыҟаҵарақәа рҿы аурыс аруаа инырхит 100 нызқь аџьаҧҳаны

Аҧсны имҩаҧыргаз аҽазыҟаҵарақәа рҿы аурыс  аруаа инырхит 100 нызқь аџьаҧҳаны
27 октября 2018 10:19 1273
Аҧсадгьыл-инфо, 27 2018 ш.  

Аладатәи арратә округ иатәу Аҧсны иҟоу аурыс база архәҭақәа 2018-тәи ашықәс иалагӡаны агәаҭарақәа раан еиуеиҧшым абџьарқәа рыла ихысуан

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 27 2018 ш. Иреихсуан 100 метрак инаркны 7000 метра рҟынӡа ахьыбжьазнтәи акомандатә пунктқәа, авертолиотқәа, ашьаҟауаа.

Ҩ-нызқьи бжаки аруаа злахәыз ари аҽазыҟаҵарақәа раан инырхит 100 нызқь аџьаҧҳаны, урҭ рыбжьара - артиллериатә снариадқәеи аминақәеи.

Архәҭақәа разыҟаҵашьа иахылаҧшуан Аладатәи арратә округ афицарцәа. Аконтроль аҟаҵараан пилотда иҧыруа аппаратқәагьы рхы иадырхәон, аанацҳауеит ателеканал «Звезда».

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений