Авторизация:

Мариа Захарова: Саакашвили имҩаҧигоз авантиура иабзоураны аҳәынҭқарратә ҳәаа ҿыцқәа цәырҵит

Мариа Захарова: Саакашвили имҩаҧигоз авантиура иабзоураны аҳәынҭқарратә ҳәаа ҿыцқәа цәырҵит
18 октября 2018 15:45 1382
Аҧсадгьыл-инфо, 18 2018 ш.  

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак абри атәы лҳәеит агентра «Спутник» имҩаҧнагаз «авидеомост» аҟны.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 18 2018 ш. Авидеомост анцоз Аҧсни Алада Уаҧстәылеи ауаа рӷьычуеит ҳәа иҟоу аинформациа азы аофициалтә хаҭарнак лгәаанагара иазҵааит.

Азҵаара: Ижәдыроуама аоккупациа зызу атерриториақәа рҿы ауаа шырӷьычуа? Уи шәара шәышҧахәаҧшуеи?

Аҭак: Араҟа «ауаа рӷьычра» атәы ииашамкәа иалацәажәоит. Аҧхьа ишәгәаласыршәоит зегьы ирдыруа афактқәа: Саакашвили зхадараҿы дыҟаз аиҳабыра август 2008 ш. рзы имҩаҧыргаз авантиура иахҟьаны арегион аҿы аҳәынҭқарратә ҳәаа ҿыцқәа цәырҵит. Еилкаауп, Қырҭтәылеи Аҧсни, Қырҭтәылеи Алада Уаҧстәылеи реизыҟазаашьақәа аганқәа разнеишьа хазуп. Аха, аҭыҧан инхо ауаа рзы ишахьӡзаалакгьы ацәаҳәа ахьыҟоу рдыруазарц ахәҭоуп. Аҳәаа аганқәа рҿы иаанхаз ауаа уи акгьы рхараӡам. Аҧсҭазаара ҧхьаҟа ицоит, дара, уаанӡа еиҧш ахандеира иаҿуп, рҭынхацәа рахь иныҟәоит. Убри аан аиҳарак, ирзымдырӡакәа аҳәаа еиларгоит, иагьааныркылоит, иддыршәоит ахараҧса. Қарҭ уи ауаа рӷьычра ҳәа ирыҧхьаӡоит.

Ас еиҧш ҟамларц азы ауаа ираҳәалатәуп аҳәаа ахьыҟоу, уи ахысра ҧҟарақәас иамоу.

Аинцидентқәа раҧыхразы ақырҭуа-аҧсуатә, ақырҭуа-уаҧстә ганқәа реиҧылара аныҟаз ауаа аинформациа иаҳа ирыман, аилагарақәагьы маҷын.

Рыцҳарас иҟалаз, ари аформат ала ақырҭқәа аиҧыларақәа мҩаҧыргарц рҭахӡам.

Аҧсуааи ауааҧсааи ринициатива ала иҟарҵоу аусқәа азхаӡом ас еиҧш иҟоу аинцидентқәа раҧыхразы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений