Гагра араион ахадара аиҳабы Иури Хагәышь администрациа аколлектив дыдирдырит ихаҭыԥуаҩ ҿыц Хана Гәынба.
Хана Владимир-иԥҳа Гәынба диит мшаԥымза 4, 1986 шықәсазы Аԥснытәи АССР Гәдоуҭа ақалақь.
● 2003 шықәсазы Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №5 далгеит, иара убри ашықәсан дҭалоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхтә факультет. Дагьалгоит диплом ҟаԥшьыла.
● 2008 шықәсазы Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ашьаҭала дҭалоит аспирантура, «Аԥсны аҭоурых» азанааҭ ала. Аҵара хлырқәшоит 2011 шықәсазы.
● 2007 шықәсазы аусура далагоит Аҟәатәи абжьаратә школ №4 аҟны аҭоурых арҵаҩыс.
● 2010 шықәсазы аҭоурых арҵаҩыс аусура далагоит Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны.
● 2015 шықәсазы Гагратәи абжьаратә школ №1 директорс дшьақәдырӷәӷәоит.
Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара лааӡоит.
Рашәарамза 15, 2022 шықәсазы Хана Гәынба Гагра араион ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп.
Хылаԥшра алҭалоит:
● Аҵарадырра;
● Агәабзиарахьчара;
● Акультура;
● Асоциалтәи атәанчаратә еиқәыршәареи;
● Ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ахеидкылақәеи русеицура;
● Адәныҟаекономикатә еизыҟазаашьақәеи аинвестициақәа радыԥхьалареи;
● Жәларбжьаратәи аусеицуреи;
Рус аҟны аҿкаара шьақәлыргылоит:
● Гагра араион аҵара аҟәша;
● Ауааԥсыра аус разкра абиуро;
● Акультура аҟәша;
● Агәабзиарахьчаратә усбарҭақәа;
● Аҿари аспорти рхеилак;
● Араионтә архив