Авторизация:

Ирина Агрба: «Ари амчраҿы иара иҭыҧ акагьы аанагаӡомызт»

Ирина Агрба: «Ари амчраҿы иара иҭыҧ акагьы аанагаӡомызт»
фото: Sputnik Абхазия
22 августа 2018 19:23 7542
Аҧсадгьыл-инфо, 22 2018 ш.  

Ауаажәлрратә еиҿкаара «Аҳәса аполитикаҿы» аиҳабы Ирина Агрба Аҧсадгьыл-инфо азы Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ иҭыҧ ахьаанижьыз азы ахҳәаа ҟалҵеит.

Аҧсадгьыл-инфо, август 22 2018 ш. Маи 27 2014 ш. рзы Аҧсны «амҩаду уаа реиҳабыра» шышьақәгылаз, «азинхьчаратә усбарҭақәа зегьы шеилыбгаз», «амҩаду уаа аиҳабыра ахьыркыз асистема» ртәы ибоит Витали Габниа, уи алагьы ҧшьышықәса раҧхьа Аҧсны алахьынҵа ашәарҭадара иҭазыргылаз ауаагьы, иара ихгьы ахәшьара риҭеит ҳәа лыҧхьаӡоит Ирина Агрба.

«Акариеристцәа, акагьы злам ачынуаа ҳҳәынҭқарра ацәа иалоуп. Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы имаҷымкәа ииашоу алкаақәа збеит. Урҭ алкаақәа рзы Витали Габниеи, уи «партиак ицалои» арҭ ашықәсқәа зегьы рзы сара сырцәымӷуп, иахьа ихаҭа уи далацәажәоит», - лҳәеит Ирина Агрба.

Убри аан иазгәалҭоит Витали Габниа ихаҭа аҳәынҭқарраҿы иус акагьы шаанамгоз.

«Сара иргәаласыршәаӡом абумеранг атәы, иара убас акыр исҳаран иҟоу, аха… Габниа аҧхьа иҳәоит «амҩаду уаа аиҳабра шыркыз», нас «Маин Кампф» атрадициа ишаҧу еиҧш, аҳәынҭқарра аинтересқәа ракәымкәа, апартиатә интересқәа аҧхьа иргылоит: «сахьыҟоу аган аҿы саанхоит, сҩызцәагьы срыцуп». Акагьы сзеилымкааит. Мап, еислыскааит: маи 27 2014 ш. рзы иҟалаз ахҭысқәа иаахтны ҳәынҭқарратә цәгьауроуп ҳәа изымҳәеит, аха «амҩаду уаа» ҳәа дызҿу, иареи иҩызцәеи уахь иаламҵаӡакәа, амчраҿы иахьнеиз ахҟьа-ҧҟьақәа зеиҧшраз еиликаазар ҟалап. Иааизакны, ари амчраҿы иара иҭыҧ акагьы аанагаӡомызт», - лҳәеит Ирина Агрба.

Лара лгәаанагарала, иҟаз аинцидент зыхҟьаз иаартны иҳәаӡом.

«2019 шықәса рзы иҟаларан иҟоу аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы зегьы иргәаҧхо кандидатк дицны дцәырҵырц игәы иҭоуп, аха дыццакцәеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аҧсны убас ишьақәгылеит, иарбан ҵаку иауҭалакгьы, ҭагалан ианаамҭо иааиӡом», - азгәалҭеит Ирина Агрба.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений