Аҧсадгьыл-инфо, 25 2018 ш.
Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 25 2018 ш. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр, астатс-маӡаныҟәгаҩ Григори Карасин Женеватәи адискуссиақәа рылахәылацәа – Алада Кавказ иҟоу Европатәи аидгыла ахаҭаранак Т. Клаар, ООН ахаҭарнак Д. Султаноглу, ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Р. Михалку идикылеит.
Кавказ ашәарҭадаразы аҭагылазаашьеи, Аҧсни, Алада Уаҧстәылеи, Қырҭтәылеи рҳәаақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьеи, октиабр 9-10 рзы Женева иҟаларан иҟоу аиҧылареи ртәы иалацәажәеит.
Аиҧылараҿы Алада Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәырӷәӷәаразы Женеватәи аиҧыларақәа рлыҵшәа еиҳа аиӷьтәра аҭахуп ҳәа агәаанагара аадырҧшит.
Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра.