Авторизация:

Дҭахеит Донецктәи жәлар рреспублика ахада Захарченко

Дҭахеит Донецктәи жәлар рреспублика ахада Захарченко
31 августа 2018 18:39 2600
Аҧсадгьыл-инфо, 31 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, август 31 2018 ш. Донецк ацентр аҿы иҟалаз атҟәацра иахҟьаны Донецктәи жәлар рреспулика ахада Александр Захарченко дҭахеит ҳәа аанацҳауеит РИА «Новости».

«Ахәашаҽны, август 31 рзы, Донецк ацентр аҿы иҟоу аресторан «Сепар» аҟны артҟәацга ҧжәеит. Уи иахҟьаны дҭахеит Донецктәи жәлар рреспулика ахада Александр Захарченко», - ҳәа аанацҳауеит Комсомольскаиа правда.

«Ареспублика ахада дызгашаз ахәрақәа иоуит. Александр Захарченко дыҧсит. Ахәрақәа иоуит ДНР афинансқәа рминистр Александр Тимофеевгьы», - ҳәа аарыцҳаит Интерфакс ахь ДНР ахада иаппарат аҿы.

Александр Захарченко ихыҵуан 42 шықәса. ДНР ахадас дыҟан ноиабр 4 2014 ш. раахыс. Изныкымкәа иара дыршьырц рҽазыршәахьан.

ДНР Афырхаҵа ҳәа ахьӡ имоуп.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений