Авторизация:

Аҧсны жәлар ракзаара Афорум аиҳабыра реихьӡарақәа ртәы алацәажәара аҭахны ирбом

Аҧсны жәлар ракзаара Афорум аиҳабыра реихьӡарақәа ртәы алацәажәара аҭахны ирбом
19 октября 2018 18:53 3235
Аҧсадгьыл-инфо, 19 2018 ш.  

Аҧсны жәлар ракзаара Афорум апресс-маҵзура Аҿар рфорум аҿы Аҧсны ахада иҭыҧ аанижьроуп ҳәа иҟарҵаз аҳәамҭа аҭак ҟанаҵеит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 19 2018 ш. Ас еиҧш иҟоу аҳәамҭақәа ауаа иахьраҳауа ирыдыркыларц азы, ареспублика ахада иаамҭа ааиаанӡа хатәгәаҧхарала иусура ааныжьраҿы акцент ҟарҵоит авторцәа. Уи ала аҳәынҭқарра ахадеи уи идгылаҩцәеи ҧыршәоушәа ауп ишыҟоу арҭ аҳәамҭақәа, аҳәоит Афорум иҟанаҵаз акомментари аҿы.

«Ралкаақәа зегьы иашоуп ҳәа згәы иаанаго ҳаппонентцәа ишышьақәдырӷәӷәоу ала, Рауль Ҳаџьымба иреитинг даара илаҟуп. Ус акәзар, ари аҩыза акандидат иҟаларан иҟоу алхрақәа раан ииааира мариахоит. Нас иҟалеи, аоппозициа уи адистанциа аҿы ҳнеиаанӡа иҭыҧ аанижьырц зырҭахыи? Уи зыхҟьоу дара рылшарақәа иахьрықәымгәыӷуа, ауаа рҿы адгылара ахьрымам ауп», - ҳәа ргәы иаанагоит аҳәамҭа авторцәа.

Аҧсны жәлар ракзаара Афорум ахаҭарнакцәа ирҳәоит аиҳабыра реихьӡарақәа ртәы алацәажәара аҭахны ишырымбо.

«Ҳауаажәлар аӡәырҩы рылақәа адыркӡом аиҳабыра ирымоу агхақәа рҿы, аха дара аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитикаҿы иҟоу аихьӡарақәа аобиективла иазнеиуеит. Урҭ реиқәыҧхьаӡара аҭахны иаҳбом. Иҟоу аҭагылазаашьа збарц зҭаху рзы, урҭ убартә иҟоуп»,- аҳәоит апартиа акомментари аҿы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений