Авторизация:

Август 27 Аԥсны Арра-ҳаиртә мчқәа ирымшуп

Август 27 Аԥсны Арра-ҳаиртә мчқәа ирымшуп
афото: md.apsny.land
27 августа 2022 20:30 243
Апсадгьыл-инфо, 27 августа 2022 г.  

Август 27 Аԥсны Арра-ҳаиртә мчқәа ирымшуп. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Арра-ҳаиртә мчқәа ркомандаҟаҵареи реилазаареи ари амш рыдиныҳәалеит Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Ҳаҭыр зқәу Арра-ҳаиртә мчқәа рветеранцәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа!

1992 шықәса нанҳәа 27 Аԥсны аҭоурых аҿы Арра-ҳаиртә мчқәа ирымшныҳәоу рыцхәны иазгәаҭоуп.

Арра-ҳаиртә мчқәа ҳаԥсадгьыл аҳаиртә ҳәаа рыхьчоит, ирыхьчоит ҳаԥсадгьыл ажәҩан.

Аныҳәатә мшқәа рзы ҳара, раԥхьа иргыланы иаҳгәалаҳаршәоит зыԥсҭазаара зегьы авиациа иазызкыз, зыхьӡ хьтәы нбанла иара аҭоурых ианызҵаз, милаҭтә гәадураны иҟалаз.

Иҷыданы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит Арра-ҳаиртә мчқәа рветеранцәа – арратә традициақәа ирықәныҟәаз, аибашьҩы иуалԥшьа анагӡара зылзыршаз.

Иахьатәи ҳабиԥара иаҵанакуа авиаторцәа қәҿиарала инарыгӡоит Аԥсадгьыл ашәарҭадара аиҿкаараз рҿаԥхьа иқәгылоу аусхкқәа, патула ирықәныҟәоит аиҳабыратә абиԥара ирыларааӡаз, иддырбаз аҿырԥштәқәа.

Авиациа еснагьтәи ахиазаара, аԥрыҩцәа рҿаԥхьа иқәгылоу аусхкқәа рынагӡара алыршара – аус адуылара мҩаԥысуеит. Ҩаӡара ҳаракыла рхы аадырԥшуеит анџьныр-техникатәи аиқәыршәаратәи архәҭақәа реилазаара.

Рҿаԥхьа ҳхы лаҳарҟәуеит уахи-ҽни еилымхуа, ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшкәа Аԥсадгьыл ахьчара иҵәатәышьаҟаны иаҵагылоу Арра-ҳаиртә мчқәа рыррамаҵзурауаа рҭаацәарақәа.

Аԥсны Арра-ҳаиртә мчқәа хьӡи-ԥшеи зцу рҭоурых агәрагара унаҭоит артә еилазаара апрофессионалтә зыҟаҵара ҳарак, адырра ҷыдақәа, аԥышәа ҵаула рыманы хьӡы-ԥшала рнапынҵақәа шынарыгӡо азы.

Абри аныҳәамш аҽны, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ишәыдысныҳәалоит шәнапы злаку аус агәрахаҵара, аоптимизм амазаара, иҭынчу ажәҩан цқьа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара зҩыда, ақәҿиара, аманшәалара!

Атәылахьчара аминистр аинрал-полковник В. И. Ануа.

 


 

 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений