Аҧсадгьыл-инфо, 26 2018 ш.
Ареспубликатә ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсадгьыл» алахәылацәа Александр Анқәаб имшира идырныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
Александр Золотинск-иҧа, ишәыдаҳныҳәалоит шәымш ира!
Ишәыдышәкыл гәыкалатәи ҳадныҳәалара! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа!
Шәара зыжәлар рлахьынҵеи аҧсадгьыл аҿиареи ашьақәгылареи зыгәҭыхоу, аҿырҧшы зҿуҵааша политикуп.
Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы шәыҧсҭазаараҿы шәызнысыз ахҭысқәа зегь рышьҭахь, Шәара ишәылшеит шәқьиара амырӡра, шәыпринципқәа шәымҧсахӡеит.
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәамч, аҩызцәа бзиақәа, шәыгәҭакқәа зегьы наӡалааит!
ААЕ «Аҧсадгьыл»,
декабр 26 2018 ш.
декабр 26 2018 ш.