Авторизация:

Америкатәи аҧшыхәратә ҳаирплан Урыстәыла аладатәи аҳәаақәа рҿы ирбеит

Америкатәи аҧшыхәратә ҳаирплан Урыстәыла аладатәи аҳәаақәа рҿы ирбеит
22 октября 2018 23:43 1644
Аҧсадгьыл-инфо, 22 2018 ш.  

Аҧшыхәратә ҳаирплан Аҧсни, Краснодартәи атәылаҿацәи, Крыми аҧшаҳәақәа ирхыҧрааит

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 22 2018 ш. Америкатәи аҳаирплан RC-135V Урыстәыла аладатәи аҳәаақәа рҿы аҧшыхәра мҩаҧнагеит, ҳәа аарыцҳауеит мрагыларатәи амонитоинг ҟазҵо аресурсқәа.

«Аҧшыхәратә ҳаирплан Аҧсни, Краснодартәи атәылаҿацәи, Крыми аҧшаҳәақәа ирхыҧрааит. Убри аан иара аҳауатә ҳәаақәа еиланамгаӡеит, Амшын Еиқәа аӡқәа ирхыҧраауан.

Аҳаирплан иамоу арадиолакациа ас еиҧш ианааигәоу аҧшыхәра аҟаҵара алшоит, убас Крыми Краснодартәи атәылаҿацәи ПВО асистемақәа ахьыҟоу ргәаҭара.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҳәаанырцәтәи аҧшыхәратә ҳаирпланқәа Урыстәыла аҳәаақәа рҿы ирлас-ырласны игәарҭоит.

Октиабр 19 рзы мраҭашәаратәи аган аҿы ирбеит америкатәи Boeing RC-135U. Уаанӡа мышқәак раҧхьа Крым аҧшаҳәаҿы - астратегиатә дрон Крыма, уи аҧхьа – Калининградтәи аобласт аҿы.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра изныкымкәа Вашингтон ахь ааҧхьара ҟарҵахьан ас еиҧш аоперациақәа мҩаҧырымгаларц азы, аха Пентагон уи мап ацәыркит, аанацҳауеит РИА Новости.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений