Авторизация:

Алхас Џьынџьал: иааиуа ашықәс азы ҳара аҭышәынтәалара ҳҭахуп

Алхас Џьынџьал: иааиуа ашықәс азы ҳара аҭышәынтәалара ҳҭахуп
28 ноября 2018 23:05 2045
Аҧсадгьыл-инфо, 28 2018 ш.  

Ауаажәларратә палатаҿы иалацәажәеит администрациақәа рхадацәа ралхра азҵаара. Уахь инарыҧхьеит Аҟәа ахада иалхразы ареферендум аҧшьгаҩцәа, Жәлар реизара адепутатцәа

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 28 2018 ш. Ажәлар аинтерес рымаӡам, ақалақь ахада далырхуоу, дарҭоу. Абри аҩыза агәаанагара иҳәеит Жәлар реизара адепутат Алхас Џьынџьал.

«Ауаа рзы зегьы акоуп, ақалақь ахада далырхуоу, дарҭоу. Ауаҩы ииҭаху амҩаду цқьазар, аӡы имазар, алашара ыҟазар ауп. Ашәахтәқәа ишәозар, уажәы ашәахтәқәа ҳара ҳҿы даара иноминалтәуп, урҭ ршәара далагар – убасҟан иара иҭахрақәа ирызҳауеит. Ауаҩы ииҭаху асоциалтә ҭышәынтәалара ауп. Ҳара ҳазлацәажәо ауаа,хьаас ирымаам, мамзаргьы измоу даара имаҷуп», - иҳәеит Алхас Џьынџьал.

Адепутат иажәақәа рыла, ҳара асоветтә система ҳаунамышьҭӡац.

«Аҟәа ақалақь ахада иалхра аформа ҳаҧсахыр, ҳара идеалтәу алхратә система ҳауеит ҳәа ақәгәыӷра ауӡом. Уи аангьы акоррупциазы, еиуеиҧшым амахинациақәа рзы аҭыҧ аанхоит. Ҳара иаҳзаанхаз асоветтә система иахьатәи аамҭа иақәшәо аҟаҵара ҳалымшеит», - азгәеиҭеит адепутат.

Аҟәатәи аизараҿы ақалақь абиуџьет аконтроль аҟаҵара азин рымазҭгьы, ахада иалхрақәа рызҵаара цәырымҵыргьы ауан ҳәа игәы иаанагоит Алхас Џьынџьал. Иахьатәи аамҭазы Аҟәа абиуџьет миллиард мааҭ ыҟоуп.

Адепутат ареферендум аҧшьгаҩцәа ирабжьигеит азҵаара аӡбараан аиуристтә ган иҭымсырц.

«Афинансқәа, ареферендум, аполитикцәа – арҭ зегьы аҩбатәи аҭыҧ аҿы иҟоуп. Зегь реиҳа ихадоу ауаа рҭышәынтәалара ауп. Ауаҩы дыхьчазароуп. Иааиуа ашықәс азы ҳара аҭышәынтәалара ҳҭахуп»,- иҳәеит Алхас Џьынџьал.

Афото: Спутник Абхазиа

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений