Авторизация:

Октиабр 11 Аҧсны арбџьармчқәа рышьақәгылара амш

Октиабр 11 Аҧсны арбџьармчқәа рышьақәгылара амш
фото: "Апсны.иахьа"
11 октября 2018 08:45 2603
Аҧсадгьыл-инфо, 11 2018 ш.  

Октиабр 11 1992 шықәса рзы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аҧсны Атәылахьчара аминистрреи Арбџьармчқәа рштаб хадеи аиҿкааразы аусҧҟа аднакылеит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 11 2018 ш. Ари арыцхә Аҧсны атәылахьчара аминистрра аиҿкаара амшны иҧхьаӡоуп.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҧшьбатәи амш аҽны, август 18 1992 ш. рзы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Владислав Арӡынба инапхгарала Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә еилакы аиҿкаразы аусҧҟа аднакылеит. Аҧсны ахьчаразы амчра зегьы ари аилак анапы ианҵан. Аҧсны арбџьармчқәа командаҟаҵаҩыс дрыҭан аполковник В. Какалиа, аштаб аиҳабыс аполковник С. Сосналиев. ААЕ адҵа ала, Гәымсҭатәи афронт акомандаҟаҵаҩыс дҟаҵан амаиор М. Хәарцкиа, аполковник С. Дбар Бзыҧтәи ахырхарҭахь дышьҭын.

Октиабр 2 1992 ш. рзы аҧсуаа Гагра ақалақь ҭадырцәит, октиабр 6 рзы Гагра араион ахы иақәиҭтәын.

Ар реиҿкаара хықәкыс иҟаҵаны, октиабр 11 1992 ш. рзы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аҧсны Атәылахьчара аминистрреи, Аштаб хадеи реиҿкааразы аусҧҟа аднакылеит. Аҧсны атәылахьчара аминистр инапынҵақәа рынагӡара идҵан аполковник В. Аршба. Анабс, Москватәи аиқәшаҳаҭрақәа рнапы аҵаҩра ашьҭахь иара Аҧсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩыс дҟаҵан, Арбџьармчқәа рштаб хада аиҳабыс дҟаҵан С. Сосналиев.

Атәылахьчара аминистрра аштаб хада анаҩсгьы аҟәшақәа, амаҵзурақәа реиҿкаара иалагеит.

Ианвар 8 1993 ш. рзы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум аӡбамҭала Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахантәаҩы В. Арӡынба Аҧсны арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩхадас дҟаҵан.

Аинформациа аагоуп: П,ачлиа В. М. Книга вечной памяти. Айъа,1997.
Афото: амедиа-клуб «Аҧсны.иахьа»
Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений