Авторизация:

Зураб Џьапуа: "Шьоҭа Салаҟаиа – ахаангьы кабинеттә усзуҩны дыҟамызт"

Зураб Џьапуа: "Шьоҭа Салаҟаиа – ахаангьы кабинеттә усзуҩны дыҟамызт"
18 июля 2018 19:42 2636
Аҧсадгьыл-инфо, 18 2018 ш.  

«Ахьӡ-аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, афилологиатә наукақәа рдоқтор, апрофессор, академик Шьоҭа Салаҟаиа 85 ш. ихыҵит.

Аҧсадгьыл-инфо, иул 18 2018 ш.  Аҧсуа жәаҭҵааҩ ду ҳәа изиҳәеит Шьоҭа Салаҟаиа Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа, аиублиар иахьидырныҳәалоз аилатәараҿы.

Шьоҭа Салаҟаиа иҭахымызт имшира азгәаиҭарц, аха иколлегацәа идныҳәаларц рыӡбеит.

Зураб Џьапуа иажәақәа рыла, Шьоҭа Салаҟаиа – аҧсуа фолклористикатә наука дашьаҭаркҩуп.

«Шьоҭа Салаҟаиа – аҧсуа гуманитартә наукаҿ иаарылукааша ҵарауаҩуп, Нарҭаа репос аҭҵаареи кавказҭҵаареи рҿы иазгәарҭахьоу авторитетуп. Иара ганрацәала абаҩхатәра змоу ҵарауаҩуп, еидибалоит афолклорист, алитератураҭҵааҩ, алитературатә критик ибаҩхатәрақәа», - иҳәеит Зураб Џьапуа.

Иара иажәақәа рыла, Шьоҭа Салаҟаиа ишәҟәқәа ирылыҳәҳәо иҟоуп «Абхазский народный героический эпос».

Уи амонографиаҿы аҵарауаҩ аҧсуа епос архаикатәи, аклассикатәи, аҭоурыхтәи етапқәа рҿиашьа ааирҧшуеит, иагьеиҿирҧшуеит аҧсуа жәлар ҿырҳәалатәи репоси адунеи ажәларқәа репикатә традициақәеи, реиҧшрақәагьы азгәаиҭоит.

Аҭҵаарадыррқәа ракадемиа апрезидент иазгәеиҭеит Шьоҭа Салаҟаиа аҧсуа литературеи, аҧсуа критикеи, аҧсуа школқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи рзы аҵара-методикатә литература аҭыжьраҿы илагала шырацәоу. Иара акыр ихатәроу анаукатә ҭыжьымҭақәа рацәаны редакторс дрымоуп.

«Убри аан Шьоҭа Салаҟаиа ахаангьы кабинет усзуҩны дыҟамызт. Иара ҿцажәаҩ бзиоуп, аҧсуаа рдоуҳатә культура иҳараку апрофессионалтә ҩаӡара аҟынӡа инеигоит, аҳәаанырцәтәи аҵарауаа, кавказҭҵааҩцәа дырзааигәоуп. Иҩызцәеи, иҵаҩцәеи, иколлегацәеи рыхьӡала агәабзиара, инапы злаку аусқәа зегьы маншәаланы рхыркәшара изеиӷьаҳшьоит», - иҳәеит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа рдыргатә ҳамҭа аиубилиар ианашьо Зураб Џьапуа.


Шьоҭа Салаҟаиа диит иул 18 1933 ш. рзы Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭа. Уатәи аа-шықәсатәи ашкол даналга, дҭалеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә ҵараиурҭа, 1952 ш. рзы А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт афилологиатә факультет дҭалеит.

1856 ш. рзы ақырҭуа литература аҭоурых Аинститут «афолклористика» азанааҭ ала аспирантура дҭалеит. 1965 ш. рзы «Аҧсуа афырхаҵаратәи аҭоурыхтәи епос ахкы хадақәа» захьӡыз акандидаттә диссертациа ихьчеит, 1999 ш. рзы Горки ихьӡ зху адунеизегьтәи алитература Аинститут аҿы адоктортә диссертациа ихьчеит.

1959 ш. раахыс Шьоҭа Салаҟаиа аус иуеит Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы.

Шьоҭа Салаҟаиа х-академиак дрылахәылоуп: Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Адыгатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, К. Циолковски ихьӡ зху акосмонавтиказы Урыстәылатәи академиа.

1980 ш. рзы имонографиа «Абхазский нартский эпос» азы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан. 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений