Авторизация:

Агәалашәаратә спектакль: «Махаз» ала иаркын Аҧсуа театр 87-тәи асезон

Агәалашәаратә спектакль: «Махаз» ала иаркын Аҧсуа театр 87-тәи асезон
14 сентября 2018 13:05 2475
Аҧсадгьыл-инфо, 14 2018 ш.  

Еиҭашьақәыргылаз Фазиль Искандер иҩымҭала иҟаҵоу Валери Ақаҩба испектакль «Махаз» еиҭарҿыцны актәи ақәыргыларала аҧыза-министр Геннади Гагәылиа игәалашәара иазыркит.

Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 14 2018 ш. Аспектакль алагаанӡа Аҧсуа драматә театр адиректор хада Нодар Ҷанба минуҭктәи аҿымҭра рылаиҳәеит.

Иара иажәақәа рыла, аҧыза-министр иҭахара анраҳа, аспектакльқәа зегьы мчыбжьык иааныркыларц рыӡбеит, аха нас арежиссиорцәеи актиорцәеи еилацәажәан, еиҭарҿыцу «Махаз» аҧыза-министр игәалашәара иазыркырц рыӡбеит.

«Аспектакль алхра машәыршәа иҟамлаӡеит. Геннади Гагәылиа игәаҧхон Валери Ақаҩба испектакльқәа. Ҳанеицәажәоз, есымша иаҵишьуан урҭ рсахьаркыратә ҳаракра. Иара иҧсы ҭазҭгьы, хымҧада, аспектакль ахәаҧшра даауан. Аҳәынҭқарратә ус знапы алаку рыбжьара имаҷуп атеатр бзиа избо, уаҟа аус зуа русура еилызкаауа. Уи акраҵанакуеит ҳара ҳзы. Аспектакль «Махази» егьырҭ Валери Ақаҩба иқәыргыламҭақәеи реиҭашьақәыргылара ҳаналага, Геннади Леонид-иҧа иаразнак дҳавагылеит, - иҳәеит Нодар Ҷанба. – Аспектакльгьы, анапеинҟьарақәагьы, ашәҭқәагьы – зегьы Геннади Гагәылиа игәалашәара иазаҳкуеит ари ахәылҧаз».

Ахьчаҩ Махаз, акыр иззыҧшыз аҵеи иира, убри аамҭаз фҩык изызҳаз иҧҳацәа аҵарахьы рцара, иҧҳацәа рцәа аҧҽра, уи зыхҟьаз ишьра – Фазиль Искандер иҩымҭа иалху абзиабара иазку ари ақәыргыламҭаҿы ихәмарит Аҧсуа театр акорифеицәеи Москвеи Санкт-Петербурги аҵарақәа ирылгаз актиорцәа ҿарацәеи.

Ахәаҧшҩы Циала Ҷкадуа лгәаанагарала, ари аспектакль иарбан аамҭазаалакгьы актуалра ацәыӡӡом.

«Ари аспектакль акыр шықәса раҧхьа, Асовет аамҭа ахаан, изныкымкәа сахәаҧшхьан. Есымша иара аамҭа иақәшәоит, иактуалтәуп. Ауаа ирзеиҧшу апатуи аламыси Фазиль Искандер иҩымҭаҿы ицәыриго азҵаарақәа Валери Ақаҩба асценахь ибзиаӡаны аиагара илшеит. Сгәы иаанагоит, ари аспектакль ҳҿар идырбатәуижьҭеи акыр ҵуеит ҳәа», - лҳәоит лара.

Аҧсуа театр асценаҿы адебиут лыман Шьукин ихьӡ зху атеатралтә ҵараиурҭа иалгахьо Милана Ломиа. Лара ахәаҧшцәа дырдыруеит Русдрам аҿы «Игрок», «Все мои сыновиа» рҿы лыхәмаррала. Лара илҳәоит ишылзыцәгьаз аҧсышәала ахәмарра.

«Апроблема сыман, аха исыцхрааит аиҳабацәа, Аҧсуа театр акорифеицәа. Аҧхьа аҧсуа текст ииашаны исыцааиуамызт, акыр шықәса урысшәала аҵара ахьысҵоз, нас сахьыхәмаруаз азы. Аха мызкы иалагӡаны аус ду мҩаҧаагеит. Сара даара аразҟы сыман ас еиҧш иҟоу аколлектив аус ахьрыцызуз», - лҳәеит актриса қәыҧш.

Арежиссиор Валери Ақаҩба иҳәеит аспектакль аҿар ибзианы ишалалаз, аҧхьаҟагьы урҭ рыхәмарра ишацырҵо.

Иара иажәақәа рыла, аспектакль 30 ш. раҧхьа ишықәдыргылахьазгьы, уажәы асценаҿы ицәырган ҳаамҭа иақәшәо.

«Аамҭа ахатә ҧҟарақәа амоуп. Иҟоуп аспектакль аамҭа ахы анақәнаршәо. Аспектакль акәӡам изыхьӡо, иара аспектакль аамҭа ианахьӡо», - иҳәоит Валери Ақаҩба.

Аспектакль ашьҭахь актиор Кьасоу Ҳагба иҳәеит Геннади Гагәылиа иҧсра зегьы рзы ишцәыӡ дуу.

«Издыруеит аҧсуаа рацәаны, абизнес знапы алаку, ачынуаа, алитература, акультура иадҳәалоу, аха есымша иџьасшьон ари ауаҩ шаҟа ирацәаны даҧхьоз. Есымша иҿыцыз акы еиликаауан. Иаҧсшәа шаҟа иҧшӡааз», - иҳәеит Ҳагба.

Еиҭашьақәыргылаз Валери Ақаҩба испектакль «Махаз» ала иаркын Аҧсуа театр 87-тәи асезон.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений