Авторизация:

Нугзар Логәуа исахьаҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа мҩаҧысуеит Аҟәа

Нугзар Логәуа исахьаҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа мҩаҧысуеит Аҟәа
афото: Аҧсадгьыл-инфо
12 декабря 2023 09:15 235
Апсадгьыл-инфо, 12 декабря 2023 г.  

Асахьаҭыхҩы, ихьыҧшым асахьаҭыхыҩцәа Рассоциациа «Аҧсны-Арт» аиҳабы, ААУ аҟазара афакультет адекан Нугзар Логәуа исахьаҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа хымш иаартуп Аҧсны ацәыргақәҵатә зал хадаҟны.

Арҭ аусумҭақәа Дырмит Гәлиа ипремиа анашьаразы еиҿкаау акомиссиа алахәылацәа ахәшьара рырҭараны иҟоуп. Асахьаҭыхҩы номинантк иаҳасабала икандидатура шықәсык аҧхьа иқәдыргылеит Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аҟынтәи.


«Аҵыхәтәантәи хышықәса еидыскылаз сусумҭақәа роуп ара ицәыргақәҵоу. Дара зегьы аҿыханҵа, нас ахәшатә шәыга ала иҟаҵоу аусумҭақәа роуп. Рызегьы ахолстқәа рҿы ауп иахьыҟаҵо, техникала иуҳәозар. Аформатқәа еиҧшӡам, иҭбаау ыҟоуп, иаҳа еиҵоу ыҟоуп, аха бжьаратәла астандартқәа зегьы еиццоит. Ашықәс анҵәамҭаз иахьақәшәаз ахәаҧшҩы изыҳәан ибзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ара астудентцәа аҵара зҳарҵо ааиуеит, иахәаҧшуеит. Ахашаҽны, декабр 13 рзы, алекциа сырзаҧхьоит аҿарацәа», - иҳәеит Нугзар Логәуа.

Асахьақәа еиуеиҧшым тематикала ишьақәгылоуп - алирика инаркны амифологиа аҟынӡа рымҽханакуеит.

Асахьаҭыхҩы аус здиуло ажанрқәа рацәоуп. Иҟоуп ареализм иазааигәоу асумҭақәа - апеизажқәа, аграфикаҿ иҟаҵо асахьақәа, акарандашьла иҟаҵо. Рызегьы еидукылар 500 екземплиар иреиҳахоит, иҳәоит автор. Еиҳарак стильла еиццақәо роуп ари ацәыргақәҵатә зал аҿы асахьаҭыхҩы ицәыригаз.

«Иҟоуп, имаҷзаргьы, алирикатә ааҭгыларақәа ахьыҟоу. Апортрет жанр ыҟоуп, иҟоуп ажәытә абырзен мифологиа аҟынтәи, абырзен литература аҟынтәи аҳ Едип изку асахьақәа, аҧҳәызба Дафна илызку акомпозициақәа.
Иҟоуп амҳаџьырқәа ртема, иҿыцу, иахьатәи амодернисттә формақәа рыла еиҭарсны иахьыҟаҵо. Иҟоуп Нарҭаа репос иазку аусумҭа - Зырҭыжәи Саҭанеи Гәашьеи реиқәшәара атәы зҳәо акомпозициа», - иҳәоит Нугзар Логәуа.

Асахьаҭыхҩы иҳаиҳәеит ари ацәыргақәҵаҿ иқәыргыло аколлекциа аҳәаанырцә азыҳәан азыҟаҵара дшаҿу.

«Иҵегьы ихасырҭәаауеит. Хаҭала аицәажәарақәа ҳарҿуп, Швеицариа аҳәынҭқарра, Циурих ақалақь ацәыргақәҵатә зал ахь ааҧхьара сымоуп. Уантәи нас Италиагьы ааигәоуп, аицәажәарақәа ҳарҿуп. Ара аҳәаақәа ҳарҭахашәа ҳаҟоуп, аха ҳара ҳҟазара, ҳкультура, уахьгьы иӡырган идҳарбалар ауп. Иахьынӡауа культурала аиҭанаиааиреи аиҿцаарақәеи ыҟазар ауп ҳәа сгәы иаанагоит. Уи аганахь ала адгылара сызҭо аӡәыр дҟалозар - аҳәынҭқараа роума, ахатә спонсорцәа роума, - даара иҭабуп ҳәа заанаҵы ирасҳәоит, избанзар, ари сара сзы мацара акәӡам, ари адунеитә ҟазараҿы аҧсуаагьы ҳазҿу аҩаӡара рдыруазар, уи ҳара ҳахьӡ ҭнагоит ҳәа сгәы иаангоит», - иҳәеит Нугзар Логәуа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений