Апсадгьыл-инфо, 25 ноября 2026 г.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихы рылаирхәит акомпозитор, Аԥсны жәлар рартист, Ахьӡ-Аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Ражьден Гәымба диижьҭеи шәышықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа.
Ашәҟәҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи Аҟәатәи рпантеон аҿы иаартын Ражьден Гәымба ибаҟа, Аҳәынҭқарра Ахада уи аҿаԥхьа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаиҵеит.
Анаҩс Р. Гәымба иԥсҭазаареи ирҿиареи аазырԥшуаз афотоцәыргақәҵа еиҿкаан Амилаҭтә галереиаҿы.
Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит Ражден Гәымба изкны арежиссиор Ада Қвираиа иҭылхыз афильм «Гәымба ихор» аԥхьарбара, иара убас иара иаԥҵамҭақәа рыла еиҿкааз аконцерт.