Авторизация:

Алексеи Чумаков: «Аҟәа, сухаумыршҭын!»

Алексеи Чумаков: «Аҟәа, сухаумыршҭын!»
фото: Sputnik Абхазия
1 августа 2018 18:20 5118
Аҧсадгьыл-инфо, 1 2018 ш.  

Урыстәылатәи  ашәаҳәаҩ  Алексеи Чумаков иконцертқәа ҩба мҩаҧысит Аҟәа, Аҳәынҭқарратә филармонаҿы. Абилеҭқәа 3 нызқь инаркны 5 рҟынӡа ишыркуазгьы, азал ҭәын. Чумаков аҩбатәи иконцерт шымҩаҧысыз атәы Амра Амҷба ланҵамҭаҿы.

Апринцесса лбукети ахаҵа иҭамзаара ашьҭаҵареи

«Хәлыбзиақәа, Аҟәа!», - абас асценахь дцәырҵит артист.

Иара аконцерт ахь инеиз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Азал аҿы итәоу ахәаҧшцәа акыр рыҵаркуеит асценаҿ иқәгыло ауаҩы изы. Уаанӡа сара ахәаҧшцәа иҭабуп ҳәа анрарҳәоз, ус баша ирҳәозшәа сгәы иаанагон. Аха схаҭа ақәгылара саналага, еилыскаауа салагеит уи ус шакәмыз. Шәара шәыҟазаара ҳара ҳзы ҳаҭыр ду ақәуп. Шәара шәакәмызҭгьы аконцерт зыҟаломызт. Асценаҿ иҟало зегьы – амузыка, ахәыцра – зегьы шәара шәзы. Уажәтәи аемоциақәа уаҳа даҽазны изыҟалаӡом», - иҳәеит Алексеи Чумаков. Уи ашьҭахь иареи иҩызцәа амузыкантцәа жәеизаҩыки ахәаҧшцәа напеинҟьарыла иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Ашәаҳәаҩ иажәақәа рыла, ауаа аконцерт ашьҭахь рыҩныҟа ианнеилак иаҳа ргәалаҟазаара бзиазарц ауп иара хықәыкы хадас имоу, аконцерт ахь инеиаанӡа ргәалаҟазаара аасҭа.

«Шәшәаҳәала, шәкәашала, иҭышәхла – ишәҭаху зегьы ҟашәҵала. Амала, алахьеиқәҵара ҟалаӡом», - иҳәеит Чумаков.

Аконцерт дызлалагаз «Если бы знать, зачем?», ашәа азы Чумаков иҳәеит иара ас ауаа иргәаҧхоит ҳәа дшыҟамыз.

«Альбом ҿыц аҟынтәи ашәа убас азыӡырҩцәа иргәаҧхеит, аклип ҭысхыр акәхеит», - иҳәеит иара.

Аконцерт аҿы актәи ашәҭқәа ашәаҳәаҩ илҭеит азыӡырҩы хәыҷы, апринцесса лкорона зхаз Дана.

«Бара апринц дбымоума? Сара сагхама?- длазҵааит лара гәыблыла  Чумаков. Сара схаҭа ахәыҷы дсоуаанӡа исыздырӡомызт уи иаанаго. Исҭахуп сыҧҳа лахь».

Афилармониаҿы ари аҽны абзиабара иазку ашәақәа рацәаны иҩныҩуан. Аҭыҧҳацәа рнапеинҟьабжь ухы ҭнаҟьон.

«Ахаҵа зегь реиҳа ицәымӷуи? Аҭамзаара ашьҭаҵара. Ашәа «Небо в твоих глазах» сара саҭамзаара ашьҭаҵара, ахацәа зегьы раҭамзаара иагимнзааит», - иҳәеит Чумаков, иагьылзикит уи ашәа иҧҳа хәыҷы.

Азал аҿы итәаз ашәа ицырҳәон. Ахәаҧшцәа, зынӡа ҿыц иаҧҵаз ракәымзар, ашәақәа зегьы ражәақәа рдыруан. Алексеи автографқәа асценаҿы ириҭонаҵы, азал аҿы итәаз иара ицынхәрас ашәа рҳәон.

Аҧсуа уал

Сааҭки бжаки абжьы цқьа, жәаҩык иреиҳаны артистцәа асценаҿы, артист иҟазара – Чумаков ибаҩхатәра уиаҟара бзиа изымбозгьы ашәаҳәаҩ иҟынтәи иаауаз аенергетика ихнамхырц залшомызт.

Аӡӷабцәа ремоциақәа рзаанымкылозҭгьы, урҭ ирыцыз аҷкәынцәа даҽакала рхы мҩаҧыргон, уи гәеиҭеит ашәаҳәаҩгьы.

«Аӡӷабцәа аччара рхы-рҿы иқәуп, аҷкәынцәа ракәзар, рҧара сықәушәа иҧшуеит», - длафит артист. – Сара шәеилыскаауеит, схаҭагьы шәҭыҧаҿы сыҟан».

Чумаков vs Воронова

Авансценаҿы акәашара иалагеит, атәарҭақәа рыбжьарагьы убас. Артист асцена аҟынтәи данылбаа, ахәаҧшцәа рыбжьара дибеит иидыруаз ашәаҳәаҩ Мариам Мерабова.

Аконцерт ахыркәшамҭаз Алексеи Чумаков иҳәон еицырдыруа ихитқәа наигӡон. Азал зегьы ашәа рҳәон. Амикрофонгьы зны-зынла ахәаҧшцәа ириҭон. Убас, иашәақәа руак цәаҳәақәак налыгӡеит аҧсуа аджаз шәаҳәаҩы Тамара Воронова. Алексеи Чумаков иҿаҧшырала иубон, асцена аҧхьа икәашоз рыбжьара ас еиҧш ашәа зҳәо дыҟоуп ҳәа дшақәымгәыӷуаз.

«Аҟәа, сухаумыршҭын!», - абас иҳәеит артист аконцерт ахыркәшамҭаз. 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений