Авторизация:

Аҧсны аинтеллигенциа реидгыла Мушьни Лашәриа имшира идырныҳәалоит

Аҧсны аинтеллигенциа реидгыла Мушьни Лашәриа имшира идырныҳәалоит
16 января 2024 15:47 370
Апсадгьыл-инфо, 16 января 2024 г.  

Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа диит ажьырныҳәа 16, 1938 шықәсазы.

Аҧсны аинтеллигенциа реидгыла алахәылацәа Аҧсны жәлар рпоет, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа 86 шықәса ихыҵра идырныҳәалоит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит: «Ҳаҭыр зқу Мушьни Таииа-иҧа!
Ишәыдаҳныҳәалоит шәира амш, ишәзеиӷьаҳшьоит агәалаҟара бзиа, аманшәалара, шгәы иҭоу зегьы анагӡара!
Шәара аҧсуа литература аџьабаа ду адыжәбалахьеит, иахьагьы ааҧсара ҟамҵакәа аус жәуеит.
Аҧсуа поезиа иалажәгалеит хәы-змаӡам арҿиамҭақәа, иара убас аҳәаанырцәтәи апоезиа лыҧшаах аҧсышәала ишәырцәажәеит.
Академик Зураб Џьапуа ишәҟәы "Афольклори даҽа зҵаарақәаки" аҟны иҩуеит: «Ажәлари, Дырмити, Иуеи, Баграти репикатә традициақәа ирхаҳаны, апоет иаԥиҵеит ихатәы епикатә хан-хьыҵәцара. Еиҳа исахьаркны иуҳәозар, араҟа апоет рашьла фырхаҵа дызҿымсыцыз абахә даҿысит, ажәҩан иаҵасуаз ахра дхалеит, аԥсаатә баҩ иалхыз ахан-хьыҵәцара дыҩналеит, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа ԥшӡа дымҵаирсит, жәҩантәи адунеигьы иара итәитәит, даԥшәмахеит. Апоет аепикатә жанр игәы шазыбылуаз убарҭахахьан иқәыԥшра шықәсқәа раангьы, абалладақәа, алегендақәа, амифқәа ирылху иепикатә рҿиамҭа кьаҿқәа рыла. Анаҩсҟа илиро-епикатә мҩаҿы, абаҩхатәреи адырреи анеицыла, Мушьни Лашәриа аԥсуа литература, иара адунеитә литература ахаҭагьы иалеигалеит ԥсра-ӡра зқәым аепос ҿыцқәа – «Ахьтәы уасцәа», «Аџьынџь», «Ашаеҵәа».
Арҭ арҿиамҭа дуқәа еилыхха иаҳдырбеит апоет ажәлар рҭоурыхи рразҟымҩеи рҿы аепохатә хҭыс дуқәа поезиатә ашәала, поезиатә ажәала рсахьа аҭыхра, раарԥшра дшазҟазоу, наунагӡа абиԥарақәа ргәалашәара, рдунеихәаԥшышьа ишазынижьыз. Абас еихых-еиҵыху, амонументалтә сахьа ҭбаа-ҭыцәқәа ҳазҭихит арҿиаҩы».
Шәбаҩхатәреи шәдырреи Аҧсны иагымзааит!»

 


Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений