Авторизация:

Аҟәа иаатит Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа

Аҟәа иаатит Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа
15 мая 2023 17:53 442
Апсадгьыл-инфо, 15 мая 2023 г.  

Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатит Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа. Убас иахьа иӡырган ашәҟәы «Аԥсны. Арӡынба. Ахақәиҭра».

Ацәыргақәҵа аартра иалахәын Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аҟәа ахада Беслан Ешба, уи ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманиӡе, ауаажәларра. 

Ацәыгақәҵа еиҿыркааит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа, Аслан Аҩӡба, Кьасоу Ҳагба.


«Аекспозициа зегьы сериа-сериала ишоит. Умыццакӡакәа уаангыланы уахәаҧшыр, сгәы иаанагоит, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Владислав Арӡынба ихаҿсахьа ӡырызго материал хыҵхырҭаны иҟалоит», - лҳәеит Ельвира Арсалиаҧҳа.

«Ишәасҳәар стахуп, афотоальбом ҟаҵан, абри ацәыргақәҵа иҟаз ҳаман ҳаннеи Владислав Грироги-иҧа абас ҳаиҳәеит Кьасоуи сареи: «Абри акәымкәа Аҧсны иҭахаз зегьы рсахьақәа зну афотоальбом ҟашәҵазҭгьы» ҳәа. Урҭ ажәақәа ахаан исхашҭуам. Иӷьеҩыз, ахшыҩ ду змаз, хара иҧшуаз, аибашьра ҳалызгаз акыҩ-акыҩ хәа саркьалҵас иахьагьы иаҳҭаххар ибжьы ҳаҳауа, иаҳзаанижьит хәы змаӡам аҭынха. Аҧсны ахақәҭра азааганы, аҳәынҭқарра ашьаҭа аркны ҳазниҵаз амҩа наҟ-наҟ аҧеиҧшгьы аанижьит иҩымҭақәа рҿы», - лҳәеит Гәыгәыца Џьыкырба.





 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений