Авторизация:

Валери Барцыц Саида Гәынба лзы: «Ҳара цқьа ҳзылхыламҧшит»

Валери Барцыц Саида Гәынба лзы: «Ҳара цқьа ҳзылхыламҧшит»
24 ноября 2018 14:44 2285
Аҧсадгьыл-инфо, 24 2018 ш.  

Ноиабр 24 2018 шықәса рзы 60 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит 1980-тәи Аолимпиадаҿы аҵәы аршәразы аҩбатәи аҭыҧ згаз Саида Гәынба

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 24 2018 ш. Жәларбжьаратәи акатегориа змоу аӡбаҩ, ҧаса Аҳәынҭспортеилакы аиҳабыс иҟаз Валери Барцыц Саида Гәынба Гагра лҽаназыҟалҵоз аахыс дидыруан.

«Сара Саида дыздыруан Гагра азыҟаҵаҩ Михаил Карекиан иҿы лҽаназыҟалҵоз аахыс. Нас иааигәаны ҳаибадырит СССР жәлар рспартакиада аан Москва. Анаҩс, Москватәи аолимпиадаҿы араӡынтә медаль анылга, сара зегь раҧхьа илыдысныҳәаларц насыҧ сыман. Сара уи аолимпиадаҿы ӡбаҩыс сыҟан. Лкариера анхлыркәша ашьҭахь, Саида аҩныҟа, лан лахь даар акәхеит. Иреиҳау аҟазаразы ашкол аҿы атлетика лас азы азыҟаҵаҩыс аус луан», - игәалаиршәоит Валери Барцыц.

Валери Чынчор-иҧа Саида Гәынба спортсменк лаҳасабала анаҩсгьы Аҧсны аибашьра анцоз иаалырҧшыз агәымшәаразгьы дфырхаҵоуп ҳәа лзиҳәоит. Иара иҳәоит зны-зынла ллахьынҵеи ачынуааи ииашамкәа ишлызныҟәоз.

«Лара лҳәынҭқарра аҟынтәи ас еиҧш азыҟазаашьа лыхәҭамызт. Уиаҟара ахылаҧшра лымамызт. Зны лусура дамырхит. Уи ала лара лахь иҳамаз азыҟазаашьа ааҳарҧшит. Лара лҩызцәа аспортсменцәа рацәаны иҳамоушәа ҳхы мҩаҧаагеит. Аспорт аҿы илымаз аихьӡарақәа ҳарҟәаҵып. Аибашьра зегьы лхылгеит, усҟан лгәабзиара шыбзиамызгьы. Лара дфырхаҵаӡами? Лара ҩынтәны дфырхаҵоуп – Аолимпиатә фырхаҵа, Аҧсны афырхаҵа. Рыцҳарас иҟалаз, ҳара абзиарақәа зегьы ҳхашҭуеит. Аҧсны азы даара цәыӡ дууп», - иҳәеит Валери Барцыц.

Саида Гәынба лыҧсҭазаара далҵит ноиабр 24 2018 шықәса рзы 60 шықәса дшырҭагылаз.

Саида Гәынба илызкны: https://apsadgil.info/information/sport/saida-gunba/

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений