Авторизация:

Ҳаџьымба ашьапылампылтә командақәа рыз: дара ирызҳауеит акәыкәбаақәа реиҧш

Ҳаџьымба ашьапылампылтә командақәа рыз: дара ирызҳауеит акәыкәбаақәа реиҧш
31 августа 2018 15:23 2754
Аҧсадгьыл-инфо, 31 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, август 31 2018 ш. Ашьапылампылтә чемпионат амҩаҧгаразы абиуџьет азҧҵәоуп, аха, аиҳарак, ашьапылампылтә клубқәа рымч зықәхо иҭысуеит, иҳәеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-конференциаҿы август 30 рзы, аанацҳауеит Sputnik Аҧсны.

«Ашьапылампыл ҟалоит, хымҧада, иара аҭахуп, аха, инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп, аклубқәа анеиҿыркаауа, есымша аҳәынҭқарра ақәгәыӷра шиашам. Дара акәыкәбаақәа реиҧш ирызҳауеит. Алшара ахьыҟо, ацхыраара раҳҭоит», - иҳәеит Ҳаџьымба.

Ахәыҷтәы шьапылмпыл дазааҭгыло, аҳәынҭқарра ахада ирабжьигеит Ашьапылампылтә клуб «Динамо» апрезидент Асҭамыр Адлеибеи егьырҭ аклубқәа реиҳабацәеи ирыдҵааларц, ари ахырхарҭа аҿиаразы шаҟа ацхыраара ҟаҵо, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы шаҟа коллектив еиҿкаау еилыркаарц.

Аҧсадгьыл-инфо Аҟәатәи ахатәы клубқәа «Динамои», «Нарҭи» реиҳабацәа Асҭамыр Адлеибеи Геннади Ҵнариеи аусқәа шыҟоу ртәы азы ирыдҵаалеит.

«Динамо» апрезидент Асҭамыр Адлеиба иҳәеит аклуб ахәыҷтәы командақәа хәба шамоу. 2015 шықәсанӡа Аҟәа ақалақь администрациа аҟынтәи есышықәса миллион мааҭ ацхырара рырҭон. Уи аахиижьҭеи капеикгьы рмоуцызт. Сынтәа аҳәынҭқарра ахада ирзоуижьит миллион мааҭ.

«Динамо» ачемпионат аҿы ақәгылара мацара шықәсык х-миллион мааҭ артәоит, иҳәоит Асҭамыр Адлеиба.

«Сара еилыскаауеит аамҭа хьанҭа ҳашҭагыло, аамҭа бзиак аанӡа ҳазнеинда ҳәа ҳҽазаҳшәоит», - иҳәеит иара.

«Нарҭ» апрезидент Геннади Ҵнариа иазгәеиҭоит аклуб ааигәа ишрыдыркылаз Иракли Кациа иазыҟаиҵоз ашьапылампыл асцәа қәыҧшцәа (2009-2010 шш. рзы ииз), иахьазы дара рзы аҧара ршәоит рҭаацәа, аха аклуб апрезидент иҳәеит уи ҟамларц азы аҧара аҧшаара дшашьҭоу. Уажәазы аклуб аҿы ҩ-хәыҷтәы командак амоуп.

Геннади Ҵнариа излеиҳәо ала, акоманда Аҟәа администрациа аҟынтәи ацхыраара аиоуеит. Сынтәа 700 нызқь мааҭ рырҭеит.

Аклуб «Нарҭ» шықәсык аныҟәгара акәзар, 4,5 млн мааҭ артәоит.

Аклубқәа акәыкәбаақәа реиҧш ирыцлоит атәы дазааҭгыло иҳәеит аусқәа зынӡа даҽакала ишыҟоу.

«2015 шықәса рзы ачемпионат аҿы 10-командак алахәызҭгьы, есышықәса дара рхыҧхьаӡара иагхоит. Сынтәа ааҧын имҩаҧгаз ачемпионат аҿы 7-командак роуп иалахәыз, уажәы, ҭагалан излагараны иҟоу ачемпионат аҿы иҵегьы еиҵахеит – 6 –командак роуп алшара змоу ахәмарразы», - иҳәеит «Нарҭ» апрезидент.

Ахатәы клубқәа «Динамои» «Нарҭи» аиҳарак аспорнсорцәа рҧарақәеи аклубқәа реиҳабацәа рҧарақәеи рылоуп рхы шныҟәырго.

Егьырҭ акомандақәа рыцхраара араионқәеи ақалақьқәеи рбиуџьетқәа рҿы иарбоуп. Сынтәа, иааиуа ачемпионат аҿы иқәгыло «Гагра», «Афон», «Риҵа» Гәдоуҭа, «Гал» Самырзаҟан акомандақәа роуп.

Ишәгәалаҳаршәоит ашьапылампыл азы Аҧсны 26 –тәи ачемпионат алагаран ишыҟаз сентиабр азы, акубок агаразы ахәмаррақәа – август азбжазы. Аха, иҟоу афинанстә проблемақәа ирыхҟьаны, ахәмаррақәа мызкы иахыгоуп.

Ашьапылампыл азы Аҧсны актәи ачемпионат мҩаҧыргоит 1994 ш. раахыс. Актәи ачемпионат иалахәын 15 команда.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений