Авторизация:

Денис Царгәыш Урыстәыла ақәыҧшцәа еиҵбацәа ркоманда азыҟаҵаҩ хадас дҟаҵоуп

Денис Царгәыш Урыстәыла ақәыҧшцәа еиҵбацәа ркоманда азыҟаҵаҩ хадас дҟаҵоуп
фото: wrestrus.ru
25 июля 2018 17:57 5237
Аҧсадгьыл-инфо, 25 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, иул 25 2018 ш. Хынтә адунеи ачемпион, 2018 ш. рзы Аолимпиадаҿы ахҧатәи аҭыҧ згаз Денис Царгәыш ақәыҧшцәа еиҵбацәа ркоманда (16 ш. зхыҵуа рҟынӡа) азыҟаҵаҩ хадас дҟаҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла аспорттә қәҧаразы афедерациа асаит.

«Денис Царгәыш ида уажәшьҭа еизгоу ҳкоманда ҳхахьы иаҳзаагом. 10 ш. еиҳаны иҵуеит иара акоманда далоуижьҭеи, спортсменк иаҳасабала акыр шықәса акоманда аҧхьагылаҩцәа дыруаӡәкын, хынтә адунеи дачемпионхахьан, Аолимпиадаҿ ахҧатәи аҭыҧ ааникылахьан, изныкымкәа Европа ачемпионат даиааихьан. Икарьера анхиркәша азыҟаҵаҩцәа ркоманда дахыҧхьаӡалан, Москватәи аобласт еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дҟаҵан. Уажәы иаамҭоуп аҿар рааҧхьара, азыҟаҵаҩцәа еиҳабацәа ирымоу аҧышәа рымдаразы. Денис 16 ш. зхыҵуа рҟынӡа азыҟаиҵалоит. Изыҟаҵаратә ус аҿы ақәҿиарақәа изеиӷьасшьоит!», - иҳәеит зхы иақәиҭу ақәҧаразы Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Дзамболат Тедеев.

Аспорттә қәҧаразы Урыстәылатәи афедерациа апрезидент актәи ихаҭыҧуаҩ, ҩынтә Аолимпиатә хәмаррақәа ирчемпионхахьоу Арсен Фадзаев Денис еизгоу акоманда зыҟаҵаҩ хадас иаҭара wrestrus.ru иаиҭаз аинтервиу аҿы абас ахҳәаа азыҟаиҵеит:

«Денис – ашкол бзиа иахысыз, атехника бзиа змоу, ииашоу ҷкәыноуп. Ауарҳал аҿы иара аибашьраҿ еиҧш дықәгылон. Ари азҵаара аӡбараҿы агәыҩбара аӡәгьы иааимырҧшӡеит. Денис Царгәыш – ахәыҷқәа рзы дҿырҧшыгоуп, уи азыҟаҵаҩыс иҟалара ианаамҭоу иҟаҵан, иара ибзоурала ақәыҧшцәа еиҵбацәа еиҳа иӷәӷәахоит. Уаныхәыҷу азыҟаҵаратә процесс шышьақәдыргылоу даара ихадоуп, еиҳаракгьы еизгоу акомандаҿы. Денис идыруеит иҟаҵатәу, ишырзеиҭаҳәатәу, ишдырбатәу. Иара ихаҭа данықәгылоз амцхә иҽымҟьакәа,аемоциақәа аҵамҵаӡакәа зегь ҟаиҵон. Изеиӷьаҳшьап ақәҿиарақәа. Ҳара зегь шилшо ала игәра аагоит. Денис – зегь пату зқәырҵо профессионал дууп».

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений