Аҧсадгьыл-инфо, 19 2018 ш.
Аҧсадгьыл-инфо, иул 19 2018 ш. Николаи Валуев ибоксиортә клуб аҟны имҩаҧгаз апрофессионалтә бокс ахәылҧаз аҟны Баҭал Ҷежьиа дииааит Қырҭтәылатәи абоксиор Рубен Мовсесиан.
Аҩбатәи араунд аҿы иара даиааит техникатә нокаутла, ҳәа аанацҳауеит Аҧсны Аспорткомитет instagram аҿы ирымоу адаҟьаҿы.
2013 ш. рзы Баҭал Ҷьежьиа Аҧсны иреиӷьу абоксиор ҳәа ихьӡ ҳәан.