Авторизация:

Аҧсны мрагыларатәи ахәҭа аҳақьымцәа COVID-19 иаҿагыланы ақәҧаразы аҳаҭыртә ҳамҭақәа ранаршьеит

Аҧсны мрагыларатәи ахәҭа аҳақьымцәа COVID-19 иаҿагыланы ақәҧаразы аҳаҭыртә ҳамҭақәа ранаршьеит
фото: Минздрав РА
13 июня 2022 20:05 863
Аҧсадгьыл-инфо, 13 2022 ш.  

Аҧсны Мрагыларатәи ахәҭа аҳақьымцәа COVID-19 иаҿагыланы ақәҧаразы аҳаҭыртә ҳамҭақәа ранаршьеит. Ауснагӡатә мҩаҧган амедицинатә усзуҩцәа рымш аҳаҭыразы. Аныҳәа азгәарҭоит есышықәса рашәарамза ахҧатәи амҽышазы.

Очамчыра ақалақь акультуратә хан аҟны имҩаҧган Очамчыратәи Галтәи араионқәа рмедицинатә усзуҩцәа аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа. Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба хаҭала иранеишьеит.

Иара иазгәеиҭеит,ҳтәылазы ишыцәгьаз аҵыхәтәантәи ҩышықәса.

«Апандемиа ҳаҧсҭазаарақәа аҧсахит. Ҳрықәныҟәон иаҭахыз аҧкрақәа,даара ицәгьаз аамҭан.​ Шәара,амедицинатә усзуҩцәа,ишәылшозгьы ишәылымшозгьы зегьы ҟашәҵеит ҳтәыла ауааҧсыра реиқәырхаразы.Даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы», - иҳәеит иара.

«Хамеигӡарыла COVID-19 иаҿагыланы ақәҧаразы» амедалқәа ранашьоуп 17 ҩык Галтәи араион амедицинатә усзуҩцәеи 20-ҩык Очамчыра араион амедицинатә усзуҩцәеи.

Ҧшьҩык Галтәи араион аҳақьымцәеи Очамчыратәи амедицинатә усзуҩцәа хәҩыки қ Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иҟынтәи иранашьан аџьшьаратә шәҟәқәа.

Агәабзиарахьчара аминистр инапы зҵаҩыз аҳаҭыртә шәҟәқәа роуит Галтәи араион амедицинатә усзуҩцәа 46-ҩыки Очамчыратәи 40-ҩыки.


«Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит хәы змаӡам шәусура азы.Шәыҧсҭазаара ашәарҭа иҭаргыланы ҳтәылауаа реиқәырхаразы аус жәуан.Ишәзеиӷьасшьоит аманшәалара, аҭынч ҧсҭазаара», - иҳәеит Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа.

Иааиуа аныҳәа рыдиныҳәалеит убасгьы Гал араион ахада Константин Ҧлиа.

Тҟәарчал аныҳәатә уснагӡатә мҩаҧган акультуратә хан аҟны.

«Шәара зегьы,амашьынаныҟәцаҩ инаиркны, амедеиҳәшьцәа,аҳақьым хадацәа рҟынӡа ижәбаз аџьабаа ӷәӷәоуп. Ирыцҳароуп ауаа зегьы реиқәырхара ахьалымшаз. Аӡәы иҧсҭазаара ҳара ҳзын даара ицәыӡ дууп.Шәара ишәылшоз зегьы ҟашәҵеит урҭ реиқәырхаразы.Идуӡӡаны иҭабуп!»-иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.

"Шәара шәҭаацәа ааныжьны,уахгьы ҽынгьы ари ачымазара бааҧсы зхьыз ргәабзиара шьақәшәыргылон. Уи даара акрызҵазкуа усуп.Иҭабуп шәџьабаазы»,- ҳәа азгәеиҭеит Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа.

Ҭҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа амедицинатә усзуҩцәа 40-ҩык иранашьан «Хамеигӡарыла COVID-19 иаҿагыланы ақәҧаразы» амедалқәа. Агәабзиарахьчара аминистр иҟынтәи аҳаҭыртә бӷьыцқәа рыҭан 45-ҩык.

Аковидтә ҟәшақәа анаадырт нахыс Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҟны астационартә хәышәтәра иахысит 780-ҩык, Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҟны 843-ҩык.





Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений