Авторизация:

Аҧснынтәи зыҩныҟа ицоз Владикавказтәи артистцәа 15 сааҭ атоннель иҭагылан

Аҧснынтәи зыҩныҟа ицоз Владикавказтәи артистцәа 15 сааҭ атоннель иҭагылан
25 октября 2018 14:00 2355
Аҧсадгьыл-инфо, 25 2018 ш.  

Адәыӷба аангылеит атоннель аҿы Краснодартәи атәылаҿацәа аҿы иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 25 2018 ш. Аҩада Уаҧстәыла ақәыҧшцәа ртеатр «Саби» актиорцәа амцәгьа иахҟьаны 15 сааҭ еиҳаны Шәачатәи атоннельқәа руак аҿы ирхыргеит, ҳәа аанацҳауеит etokavkaz.ru.

«Иацы «Саби» атруппа гәыҧҩык Аҧснынтәи амҩа иқәлеит. Тҟәаҧс азааигәара изҭаз адәыӷба ашторм иақәшәеит, 15 сааҭк атоннель иҭагылан. Уажәы дара Магри астанциаҿы иҟоуп», - ҳәа ТАСС ахь иаарыцҳаит атеатр апресс-маҵзураҿы.

Амшцәгьа иахҟьаны Тҟәаҧс-Маиҟәаҧ амҩаду аҿы ацҳа бгеит, ауаа рынхарҭақәа аӡы рыҵалеит. Тҟәаҧс араион ахадара ирымоу аинформациа ала, амшцәгьа иахҟьаны рыҧсҭазаара иалҵит ҩыџьа, аӡәы хабарда дыбжьаӡит.

 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений