Авторизация:

Шәача сентиабр 25 рзы аҧшасра ӷәӷәа ҟалар алшоит

Шәача сентиабр 25 рзы аҧшасра ӷәӷәа ҟалар алшоит
24 сентября 2018 23:29 1972
Аҧсадгьыл-инфо, 24 2018 ш.  

Аметеорологцәа ирымоу аинформациа ала, Магри аҳабла инаркны Аҧсны аҳәаа аҟынӡа асмерч ҟалар алшоит.

Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 24 2018 ш. Акурорт аҿы 15 метра секундк ала аҧшаласра амшын ацәқәырҧақәа шьҭнахыр алшоит. Ари амш аҽны аиқәырхацәа ирҳәоит ауаа иахьынӡауа ала, амшын аҧшаҳәахьы имнеирц, амшын иҭамларц, аанацҳауеит ателеканала «Кубан 24».

Ақәеи, аҧшасреи сентиабр 25 рзы Краснодартәи атәылаҿацә зегьынџьара иазҧшуп. Ашьхарахь акырцх леир ауеит. Уи зыхҟьоу ихьшәашәоу ациклон ауп. Иара иаанагеит ҭагалантәи аҳауа.

Сентиабр 26 рзы зегь реиҳа ихьшәашәоу мшхоит - аҽны аҳауа 15-18 градус роуп иахьыҧхаррахоу, аамҭала ақәа ауеит. Сентиабр 27 инаркны ақәаура маҷхоит, сентиабр 28 нахыс аҳауа аҧхарра иацнаҵоит», - ҳәа ааицҳауеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амониторинг аҟаҵаразы ацентр аиҳабы Иури Ткаченко.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений