Авторизация:

Рио-де-Жанеиро иблит Бразилиатәи амузеи

Рио-де-Жанеиро иблит Бразилиатәи амузеи
3 сентября 2018 17:13 1718
Аҧсадгьыл-инфо, 3 2018 ш.  

Сетиабр 2 рзы иҟалаз абылра иахҟьаны инықәыццышәаа ицеит 200 ш. зхыҵуаз Бразилиатәи амилаҭтә музеи.

Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 3 2018 ш. Амузеи аҿы 20 млн експонат ыҟан. Зегь реиҳа еицырдыруаз рахь иҧхьаӡан аштат Минас-Жераис аҟны ирыҧшааз адинозавр аскелети, ҳаамҭазтәи Бразилиа атерриториаҿы ирыҧшааз ижәытәӡатәиу ауаҩы исклети, аанацҳауеит Интерфакс.

ТАСС излаанацҳауа ала, амузеи амца акит ианадыркы ашьҭахь, убри азы аӡәгьы ааха имоуӡеит. Амца ирласны 19 ашәышықәсаз иргылаз ахыбра амҽханакит.

Бразилиа апрезидент Мишел Темер иҳәеит аҳәҳынҭқарра ааха ду шаиоуз.

«200 шықәсатәи аусура амца иалаблит. Ари Бразилиаа зегьы рзы алахьеиқәҵаратә мшуп», - иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.

Сынтәа иун азы амузеи 200 ш. ахыҵра азгәарҭеит. Иара 1818 ш. рзы иааиртит Португалиатәи акрал Жуан VI. 19-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы амузеи Сан-Кристован (даҽакала – Аимператорцәа рхан) ахь ииасит, иахьа уажәраанӡагьы уаҟа иҟан. 1817-1889 шш. рзы ари ахыбра Бразилиа аимператорцәа Педру I, Педру II ррезиденциа акәын.

 


Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений