Декабр 26 2018 шықәса рзы аҧхьаҟатәи абирақәа рахь ааҧхьара зҭоу акапсула Гагра араион администрациа ахыбра иҭарҵеит.
Акапсула аадыртыр ауп 2093 ш. рзы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 100 анахыҵуа ашықәс азы.
Араион ахада ихаҭыҧуаҩ Геннади Ҵәыџьба иажәақәа рыла, ааҧхьара иааиуа абиҧарақәа дара рабацәеи рабдуцәеи рҭоурых рзеиҭанаҳәоит.
Ажәалеи абжьылеи иҟарҵаз ааҧхьара анаҩс, акапсула иҭарҵеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых зҳәоу аматериалқәа, аибашьра афырхацәа ирызку аочеркқәа, ҳаамҭазы еицырдыруа ауаа рсахьақәа. Арҭ аматериалқәа еизыргеит араион ауаажәларра, аибашьра аветеранцәа, ашколхәыҷқәа. Акапсула иҭоу аматериалқәа екземплиарк ала ауп ишыҟоу.
Аҧхьаҟатәи абирақәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит Гагра араион аиҳабыреи, адепутатцәеи, аибашьра аветеранцәеи раҧшьгарала.
Абри атәы аанацҳауеит Гагратәи ателехәаҧшра.
Аскриншот: Гагратәи ателехәаҧшра