Авторизация:

Иҧсҭазаара далҵит ажурналист Сергеи Кәыҵниа

Иҧсҭазаара далҵит ажурналист Сергеи Кәыҵниа
24 октября 2018 15:23 2014
Аҧсадгьыл-инфо, 24 2018 ш.  

92 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит СССР ажурналистцәа реидгыла алахәыла, ауаажәларратә усзуҩы, Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Сергеи Михаил-иҧа Кәыҵниа.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 24 2018 ш. Сергеи Кәыҵниа акыр аџьабаа ибахьан аҧсуа журналистика ашьақәгылараҿы. Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахь хынтә депутатс далырххьан. 1972 шықәса инаркны 1991 шықәса рҟынӡа агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» редактор хадас дыҟан, 20 шықәса инарзынаҧшуа Аҧсны ажурналистцәа реидгыла хантәаҩыс аус иухьан. Иара диит маи 16 1927 шықәса рзы.

Сергеи Кәыҵниа иҧазаҵә аҧсуа-қырҭуатә еибашьраан аҧсадгьыл ахьчара ихы ақәиҵеит. Уи игәалашәара иазкуп аибашьра ашьҭахь Сергеи Михаил-иҧа иҩыз апоема «Ауаз».

Аҧсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг аибашьра ашьҭахь Аҧсни Урстәылеи ржурналистцәа реимадара амырӡразы Сергеи Кәыҵниа илага ду азгәеиҭоит.

«1991-1992 шш. рзы, ажурналистцәа реидгылақәа рконфедерациа анеиҿыркаауаз, Қырҭтәыла аидгылақәа ирылҵырц аӡбеит. Убасҟан аконфедерациа аиҿкаараҿы алахәхаразы алшара ыҟан. Сергеи Михаил-иҧа илшеит уи аҟаҵара. Убри иабзоураны Аҧсны ажурналистцәа реидгыла уаанӡатәи Асовет Еидгыла ажурналисттә еиҿкаарақәа рганахьала аимадарақәа амырӡит», - иҳәоит Руслан Ҳашыг.

Сергеи Кәыҵниа иколлегацәа Аҧсны ажурналистцәа реидгыла ашьапы ақәгылараҿы илагала шдуу азгәарҭоит.

«Сергеи Михаил-иҧа аус ду мҩаҧигон. Иаагозар, ажурналисттә конкурсқәа уажәраанӡа имҩаҧсуа иара иоуп еиҿкызкааз. Урҭ рымҩаҧгаразы аҧара иаҭахыз абиуџьет иаларҵарц акыр аџьабаа ибеит. Убас, СССР ахаан аидгыла иалаз ажурналистцәа рсоциалтә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы аиҳабыра рҟынтәи ацхыраара рырҭалартә еиҧш иҟаиҵеит. Ҳара уи ҳгәалашәоит, уи иус ацҵара ҳагьҽазаҳшәоит», - иҳәоит Руслан Ҳашыг.

«Аибашьра ашьҭахь ажурналистцәа реидгылагьы, егьырҭ акультуратә усҳәарҭақәа зегьы реиҧш, еилаҳаны иҟан, ишьҭыхтәын. Сергеи Михаил-иҧа илшеит иара хазы игоу, зхала аус аура зылшо усбарҭаны аҟаҵара. Ишьақәиргылеит аибашьраан иӡыз ашәҟәқәа,убри инаҷыданы Аҧсны ажурналистцәа реидгыла араионтә ҟәшақәа аус аура еиҭалаиргеит. Даара аџьабаа ибеит, ажурналистцәа рыҧсшьаразы арҿиаратә ҩнқәа реиҭашьақәыргылараҿгьы. Аибашьра ашьҭахь ажурналистцәа рыбжьара аконкурс алазгалаз Сергеи Кәыҵниа иоуп. Уи раҧхьатәи алауреатцәа иреиоуп Анатоли Шьониа, Сергеи Гындиа, Олег Шамба, Анна Броидо», - иҳәоит Владимир Ҳашба.

Иара 18 шықәса Сергеи Кәыҵниа агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аҿы аус ициухьан.

«Сергеи Кәыҵниа аус ицура ганкахьала имариан, даҽаганкахьала даара иҭакҧхықәран. Избан акәзар, инапы злакыз аус гәыкала дазнеиуан, аусура азҵаараҿы ихазеиҧш, ивагылаз ауаа рзгьы дыџьбаран. Аха убри аан илан аламыс ҳаракы, ауаҩы дрыцҳаишьон, инапаҵаҟа аус зуаз адгылареи ацхыраареи иахьынӡаилшоз ириҭон. Аибашьраан иҧазаҵә иҭахара Сергеи Михаил-иҧа изы аҵыхәтәантәи имшқәа рҿынӡа имӷьаӡоз хәраны иаанханы иҟан. Аха, иара ихьаа иҵәахуан, уи аӡәгьы иирбаӡомызт, иусура ианирҧшӡомызт», - иҳәоит Владимир Ҳашба.

Ажурналист Зураб Аргун иҳәоит Сергеи Кәыҵниа иҧсра даараҟа гәалсрала ишидикылаз. Иара ажурналистцәа реидгыла аџьабаа ду иадибалахьаз, аиҿкааратә усураҿы имаз аҟыбаҩ азгәаҭо игәалаиршәоит Сергеи Михаил-иҧа 80 шықәса анихыҵыз, Аҧсны ажурналитсцәа реидгыла ажәалагала шыҟанаҵаз инарҭбааны аиубилеитә рыцхә азгәаҭаразы.

«Аиубилиар уи иҭахымхеит, иара убасгьы мап ацәикхьан Аҳәынҭқарратә ҳамҭа ҳаракгьы, - иҳәоит Зураб Аргәын. - «Сыҷкәын ишьҭахь иарбан ҳамҭоу сара исҭаху», - иҳәон Сергеи Кәыҵниа».

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений