Авторизация:

Иҭахаз ргәалашәара астенд аадыртит Очамчыра

Иҭахаз ргәалашәара астенд  аадыртит Очамчыра
10 ноября 2018 13:24 1511
Аҧсадгьыл-инфо, 10 2018 ш.  

Очамчыратәи милициа аусзуҩцәа 12-ҩык Аҧсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 10 2018 ш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Очамчыратәи амилициа аузуҩцәа ргәалашәара наунагӡахарц азы амилициа аҟәша уахьыныҩнало иаадыртит астенд. Ацеремониа иалахәын Очамчыра араион аиҳабыра, ауаажәларра, иҭахаз рыуацәа.

«Иҭахаз амилициа аусзуҩцәа ргәалашәара астенд ааҳартырц ҳгәы иҭоуижьҭеи акыр ҵуан. Ари аидеиа уажәы алыршара ҳалшеит», - иҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Очамчыратәи аҟәша аиҳабы Амиран Матуа.

Очамчыратәи амилициа аусзуҩцәа рыҧсадгьыл ахьчаразы игылеит аибашьра актәи амшқәа инадыркны. Дара еибашьуан Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа рҿы, ирылахәын ианвартәи, марттәи ажәыларақәа. 12-ҩык Аҧсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит. Хҩык Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений