Аҧсадгьыл-инфо, 17 2018 ш.
Аҧыза-министр Валери Бганба «Аҧсны ахәаҷа-маҷақәа ирҿагылан ақәҧаразы» аусҧҟа инапы аҵаиҩит
Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 17 2018 ш. Акомиссиа Аҧсны атерриториаҿы ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи, адекортаивтә культурақәеи ирҧырхаго ахәаҷа-маҷақәа раларҵәара аанкылара хықәкыс иамоуп.
Акомиссиа еиҳабыс даҭоуп аекологиеи аҧсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.
Октиабр 23-нӡа акомиссиа алахәылацәа ахәаҷа-маҷақәа раларҵәара аанкыларазы имҩаҧгатәу аусқәа рплан еиқәдыршәар ауп, аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.