Авторизация:

Шенгентәи авиза Шәача ироулоит

Шенгентәи авиза Шәача ироулоит
2 ноября 2018 00:07 1622
Аҧсадгьыл-инфо, 2 2018 ш.  

2019 шықәса азбжа инаркны Шенгентәи авиза аиуразы Краснодарҟа ацара аҭаххаӡом

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 2 2018 ш. Естониатәи авиза рыҭаразы адокументқәа рырхиаразы жәларбжьаратәи атендер аҿы иаиааира агеит акомпаниа VFS Global. Акомпаниа ацентрқәа Урыстәыла 59 қалақь рҿы, Шәачагьы налаҵаны, раартра ргәы иҭоуп. Абри атәы аанацҳауеит «Макс Портал».

Шәача авизатә центр аартра ашьҭахь шенгентәи авиза аиуразы иаҭаху адокументқәа зегьы араҟа алаҵара ауеит. Естониатәи авиза Шенген аҧҟарақәа рыла еиқәдыршәоит, уи Шенгентәи аиқәшаҳаҭра иалоу аҳәынҭқаррақәа зегьы рахь ацара азин унаҭоит.

Акомпаниа VFS Global акыр ҳәынҭқаррақәа рҿы аиҳабырақәеи адипломатиатә усбарҭақәеи аус рыцнауеит. Афирма 141 ҳәынҭқарра рҿы 2709 визатә центр аартны иамоуп.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений