Авторизация:

Аҳақьым Паписимедова лганахьала ашьауӷатә ус аанкылоуп

Аҳақьым Паписимедова лганахьала ашьауӷатә ус аанкылоуп
16 октября 2018 18:24 1976
Аҧсадгьыл-инфо, 16 2018 ш.  

Аҧсны Жәлар реизараҿы ирыдыркылаз амнистиа азы акт инақәыршәаны Наҭела Паписимедова лдукат арзаҳал лҩит лара илыхьчо лганахьала ашьауӷатә ус аанкылазарц.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 16 2018 ш. Наҭела Паписимедова лнапынҵақәа қәнагала иахьыналмыгӡаз Лиана Ҭодуа лыҧсра ахҟьеит ҳәа иҧхьаӡаны август 24 2018 ш. рзы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа излаӡбаз ала, аҳақьым 4 шықәса лықәҵан.

Адукат И. Габилаиа аус акассациахь идәықәылҵеит.

Октиабр 16 2018 ш. рзы имҩаҧысран иҟаз аус иахәаҧшаанӡа, Наҭела Паписимедова лдукат лара илыхьчо лганахьала ашьауӷатә ус ааныркылазарц лҳәеит аминистиазы иҟаз акт инақәыршәаны.

Ашьауӷатә усқәа рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа акассациатә коллегиа Маиа Кәыҵниа зхадараҿы дыҟаз аӡбаҩцәа Мимоза Цышбеи Роман Кәарҷиеи, ахадараҿы иҟаз ари аус амнистиа иахыҧхьаӡалазарц мап шацәылкызгьы, адукат иҟалҵаз ажәалагала иадгылеит. Убри алагьы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа аӡбамҭа аҧырхит, амнистиа инақәыршәаны ашьауӷатә ус аанкылоуп.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений