Аҧсадгьыл-инфо, 9 2018 ш.
Ахәаҷа змаз апетрушка Урыстәыла иалармыжьлаӡеит
Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 9 2018 ш. Аушьҭратә-гәаҭаратә пункт «Адлер» аҟны апетрушкаҿы ирыҧшааит акарантинтә обиект – мраҭашәаратәи калифорниатәи атрипс, аанацҳауеит «Московски комсомолец Сочи».
Мраҭашәаратәи калифорниатәи атрипс убас иҧхасҭанатәуеит агәил, абрикос, ахризантема, атоматқәа. Убас 300 ҵиаа рҟынӡа.
Атрипс апетрушка ишалаз аекспертиза иаршаҳаҭит, ҳәа рарҳәеит «МК Сочи» акорреспондентцәа Краснодартәи атәылаҿацәи Адыгеиеи иҟоу Россельхознадзор аусбарҭаҿы. Иҧхасҭатәыз аҵиаақәа аҳәаа ахыгара мап рыцәкын.