Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 8 2018 ш. Иуникалтәу аретродәыӷба Афонҿыцтәи аангыларҭа «Псырӡха» инеит.
СВ «Лиукс» аклассқәа рыла ишьақәгылоу адәыӷба авагонқәа ирҭоуп Урыстәыла, Европа, Аладеи Аҩадеи Америка, Алада Африка, Австралиа рҟынтәи 70-ҩык рҟынӡа апассаџьырцәа. Дара ҩымчыбжь ирылагӡаны акруиз рымоуп. Иахьазы инеихьеит Саратов, Астрахан, Грозныи, Шәача. Зынӡа 7500 км амҩа иахысраны иҟоуп.
Иахьаанҿасуа ақалақьқәа рҿы апассаџьырцәа аҭыҧантәи аҧшӡарақәа, аҭоурыхтә ҭыҧқәа рахь инаргоит. Афон ҿыц ауахәама, аҳаҧы, аӡхыҽҽа, Аҧсуа аҳра амузеи ддырбоит.
Афон Ҿыц ашьҭахь аретродәыӷба Краснодарҟа идәықәлоит. Октиабр 13 рзы Москваҟа ихынҳәуеит. Араҟа ауп адәыӷба амҩа иахьықәлаз октиабр 1 азы.
Аретротур еиҿнакаит акомпаниа «РЖД Тур». Аӡәы изы ари атур 8 000 инаркны 14 000 америкатәи доллар рҟынӡа иаҧсоуп.