Авторизация:

Амаскақәа рхаҵаны аҵәахырҭатә банк дырҳәит

Амаскақәа рхаҵаны аҵәахырҭатә банк дырҳәит
10 сентября 2018 14:54 5031
Аҧсадгьыл-инфо, 10 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 10 2018 ш. Иахьа, асааҭ 13 рзеиҧш, еилкаам, автоматқәа зкыз хҩык ауаа Лакоба имҩаду аҿы иҟоу Аҵәахырҭатә банк афилиал иақәлеит, иагьыргеит 200 нызқь мааҭ иреиҳаны аҧара. Абри аҩыза аинфомациа Аҧсадгьыл-инфо акорреспондент ииҭеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба. Иара днеит ацәгьаура ахьыҟалаз аҭыҧахь.


«Акамерақәа иҭарҩыз авидеонҵамҭа ҳгеит, иҭаҳҵаауеит. Ашьауӷатә ус хацыркуп «ақәылара» астатиа ала. Имҩаҧсуеит аоперативтә усмҩаҧгатәқәа», - иҳәеит Гарри Аршба.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иамоу аинформациа ала, абанк афилиал иақәлаз хҩык ауаа еиқәаҵәала еилаҳәан, автоматқәа рыман.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений