Авторизация:

Иаанкылоуп Аҟәа ақалақь аҟны арҩышьыга зҭиуаз атәылауаа.

Иаанкылоуп Аҟәа ақалақь аҟны арҩышьыга зҭиуаз атәылауаа.
19 февраля 2022 08:31 1725
Аҧсадгьыл-инфо, 19 2022 ш.  Арҩышьыгатә маҭәашьар хыҧхьаӡара рацәала алгара рылшеит Аҧсны ААР арҩышьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршара хылаҧшра азҭо аусбарҭа аусзуҩцәа, иаанкылоуп ҩыџьа атәылауаа – арҩышьыга дара Аҟәа ақалақь аҟны ирҭиир акәын.
https://youtu.be/JSolrtaJL3A

 Синельникова Елена Витали-иҧҳа 2001 шықәса рзы ииз, Ставропольтәи атәылаҿацә Кочубеев ақыҭа аҟынтә арахь  дааит. Иара убри аҩыза ахықәкы иманы Аҧсныҟа дааит Ботиев Вадим Александр-иҧа 2001 шықәса рзы ииз, иаргьы Ставропольтәи атәылаҿацә Краснокумынск ақыҭаҟны дынхоит. 
Зыӡбахә ҳәоу ааныркылеит Аҧсны ААР арҩышьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршара хылаҧшра азҭо аусбарҭа аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аҟны «Алашарбага» аҳаблан. Атәылауаҩы Ботиев хаҭала иеимдара аан идырбалеит, арҩышьыгатә маҭәашьар згәылаҧсаз, 46 еилаҳәара.

Анаҩс, Аҧсны ААР аҭҵаара-криминилисттә центр аҟны аекспертцәа иҟарҵаз аилкаара инақәыршәаны  ишьақәыргылан илгаз «метадон» шакәыз. 
Ацәгьоуратә гәыҧ иалаз,  ари арҩышьыгатә маҭәашьар аладырҵәон Аҧсны аҳҭнықалақь иаҵанакуа, ауаарацәа ахьыҟамыз аӡынтәи аплиажқәа рҟны. 
Заанаҵы еицәажәаны зус назыгӡоз ацәгьоуцәа ҿарацәа  абас еиҧш рус еихшан – Вадим Ботиев маӡалатәи ашьҭаҵарҭақәа ҟаиҵон, Елена Синельникова лакәзар арҩышьыгатә маҭәашьар ахьышьҭарҵаз аҭыҧқәа рфотосахьақәа ҭыхны уи здызкыло ирзылышьҭуан. Убри аан, аҭыҧҳа илҿырҧшны иуҳәозар, Ботиев шьҭаҵарҭа цыҧхьаӡа азы 1000 мааҭ изыршәон. 

Иаанкылаз рганахьала изыцҵаз  аоперативтә-ҧшааратә усмҩаҧгатәқәа  раан, амилициа аусзуҩцәа Ботиеви  Синельниковеи, насгьы шаҳаҭцәас инаҧхьаз атәылауааи алархәны игәарҭеит уаанӡа иҟаҵаз маӡалатәи ашьҭаҵарҭақәа, уи аан илган аҭира иазырхиаз, арҩышьыгатә маҭәашьар згәылаҧсаз, даҽа быжь еилаҳәарак. 

Абасала, Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра арҩышьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршара хылаҧшра азҭо аусбарҭа аусзуҩцәа илыргеит даҽа партиак, хыҧхьаӡара рацәала иҕәҕәоу арҩышьыгатә маҭәашьар, уи аахәаҩ иҟынӡа изымнеит. Аоперативтә дыррақәа рыла, даҽа наркоканалк аҧырҟәҟәауп, арии аканал  апсевдоним Марго ахархәарала аусқәа нанагӡон. Ҳтәылахь иаарго ауаа зшьуа арҩышьыга ахәҧса акәзар амиллионқәа шьақәнаргылоит, аха еиқәырхоу ҧсҭазаарак, гәабзиарак ҳтәылауаа рзын хәы змам акәны иҟоуп.

Вадим Ботиеви Елена Синельниковои рус аҟны, заанаҵтәи аусҭҵаара  аусбарҭа, Ареспублика ашьаустә закәанеидкыла апункт «в» 3 ахәҭа  224 ахәҭаҷ ала  иарбоу ацәгьоура азыҧхьагәанаҭоит – уи иаанаго изакәанымкәа аҭира хықәкыс иҟаҵаны, хыҧхьаӡара рацәала арҩышьыгатә маҭәашьар аахәара, амазаара ауп, ари аафакт азы иаанкылоу рганахьала ашьауыс хацркуп. Хыхь зыӡбахә ҳәоу атәылауаа ырбаандаҩуп. Ашьаусҭҵаара мҩаҧнагоит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусҭҵаара аҟәша. 


Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений