Авторизация:

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Урыстәыла аминистр: Аҧсныҟа ҧсшьара инеиуа ҳџьынџьуаа ацхыраара бзиа иақәгәыӷыртә иҟоуп

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Урыстәыла аминистр: Аҧсныҟа ҧсшьара инеиуа ҳџьынџьуаа ацхыраара бзиа иақәгәыӷыртә иҟоуп
2 ноября 2018 20:29 1620
Аҧсадгьыл-инфо, 2 2018 ш.  

Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Евгени Зиничев Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа аинрал-леитенант ҳәа арратә хьӡы ианашьара идиныҳәалеит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 2 2018 ш. Евгени Зиничев аҩ-ҳәынҭқаррак рминистррақәа ирымоу аимадара азгәаҭо, Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан Аҧснытәи рколлегацәа иҟарҵо ацхыраара атәы дазааҭгылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны АҶА апресс-маҵзура.

«Аҧсны ҧсшьара инеиуа Урыстәыла атәылауаа, иаҭахханы иҟалозар, Аҧснытәи аиқәырхаратә усбарҭа аганахьала ацхыраара бзиа шроуа аадыруеит», - иҳәеит Урыстәылатәи аминистр идныҳәаларатә шәҟәаҿы.

Евгени Зиничев декабр 18 рзы Кремльтәи ахан аҟны иазгәарҭаран иҟоу урыстәылатәи аиқәырхацәа рымш ахь Аҧснытәи аминистрра ахаҭарнакцәа ааҧхьара риҭеит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений