Авторизация:

Лиудмила Скорик: авакцинациа аарлаҳәа имҩаҧысуеит

Лиудмила Скорик: авакцинациа аарлаҳәа имҩаҧысуеит
8 ноября 2018 09:22 1445
Аҧсадгьыл-инфо, 8 2018 ш.  

Аҧсны агрипп А аштамқәа рҟынтәи авакцинациа мҩаҧысуеит хәыда-ҧсада

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 8 2018 ш. Жәамш ирылагӡаны ареспублика зегьы аҿы агрипп аҟынтәи авакцина ҟарҵахьеит 300-ҩык иреиҳамкәа.

Аҧсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик иазгәалҭоит ари ацифра шмаҷу, аха дара аҭагылазаашьа рзеиӷьтәуам. Авакцинациа хатәгәаҧхарала имҩаҧысуеит. Убри аан Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ргәы иҭоуп катеогриақәак ауааҧсыра авакцинациа рзыҟарҵарц.

«Ҳара ҳгәы иҭоуп амедицина аусзуҩцәа, амилициа ахаҭарнакцәа, аҳазалхраҿ, иара убас ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рҿы аус зуа авакцина рылаҳҵарц», - лҳәеит Лиудмила Скорик.

Астатистика излаҳәо ала, авирустә чмазарақәа репидемиа аӡын ауп ианыҟо, иаҳарак ишәарҭоуп ианвари феврали амзақәа. Ауаа чмазҩымхарц азы авакцина октиабр, ма ноиабр иҟарҵар ауп.

Аҧсны авакциназы рхы иадырхәоит апрепарат «Ультрикс». Иара аҵыхәтәантәи иреиӷьу препаратуп ҳәа ирыҧхьаӡоит. Иҭрыжьит Санкт-Петербург 2017 ш. рзы, 2018 ш. рзы асертификациа иахысит.

«Ультрикс» фышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа инадыркны зцәазтәым актәи аҩбатәи асеместрқәа рҽы ирыдыркылар ауеит, лҳәеит аҳақьым.

Авакцинациа хәыда-ҧсада имҩаҧыргоит. Авакцина ауаа ироур рылшоит аполикиникақәеи ахәшәтәырҭақәеи рҿы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений